Инал Арӡынба иҟиҵаз ахҳәаа

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аиформациатә агентра «Спутник Абхазия» аҟны ахҳәаа азыҟаиҵеит В. Зеленски Ҟрым аӡбахә дахьалацәажәоз Аҧснгьы ахьигәалаиршәаз иазкны.

«Владимир Зеленски, украинатәи амчрақәа Ҟрым архынҳәразы, дара ртәала, ирымоу агәҭакы иазкны игәаанагара ахьиҳәоз Аҧснгьы игәалаиршәеит. Украина Апрезидент даҽазныкгьы аҭоурых ҽеила ишизымдыруа ааирҧшит, насгьы иаартны апровокациа ҟаиҵоит», иҳәеит И. Арӡынба.

Аминистр игәалаиршәеит иара убас Аҧсны атәылауаа ҭоурыхла рхатәы мҩа шылырххьоу, абџьарла ишырыхьчаз ихьҧшым аҳәынҭқарра аргыларазы рзин.

«Аҧсны Аҳәынҭқарра аполитикатә статус аиҭакразы иарбан форматзаалак ала еиқәырҽаҽоу аҽазышәарақәа аперспектива рымаӡам. Аҧсны гәрагарала ҧхьаҟа ицалоит ахатә ҳәынҭқарра арҕәҕәареи арҿиареи рымҩала, анҭыҵынтәи апровокациақәа ирыхьмырҧшкәа», – азгәеиҭеит И. Арӡынба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me