Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аусура еиҕьны аиҿкааразы

Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҧсны астатистиказы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара дырҧылеит. Абри аанацҳауеит Аиҳабыра Реилазаара апресс-маҵзура.

Аҧсны астатистиказы аҳәынҭеилакы аиҳабы Кама Гогиа октиабр 19 рзы Москва лыҟазаара алҵшәақәа дрылацәажәеит, иара убас Аҧсны астатистиказы аҳәынҭеилаки Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистиказы афедералтә маҵзуреи рнапхгарақәа рнапы зҵарҩыз ашәҟәы инақәыршәаны еицымҩаҧыргараны иҟоу аусмҩаҧгатәқәа рплан дазааҭгылеит.

Зегьы раҧхьаӡа иргыланы урҭ иреиуоуп: Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистиказы афедералтә маҵзура Урыстәылан аофициалтә статистикатә ҳасабрбақәа рзҵаарақәа рзы азакәанҧҵаратәи анормативтәи шәҟәынҵақәа рыла аинформациатә еиқәыршәараҿы ацхыраара аҭара, аинформатизациеи автоматизациеи ирыдҳәалоу апроцессқәа аметодикатә еиқәыршәареи аҳасабеилыргаратәи астатистикатәи аҳасабрбақәа рпрограматә еиқәыршәареи, ақыҭанхамҩатә шәҟәҭагалареи ауааҧсыра ашәҟәы ранҵареи, уҳәа егьырҭ азҵаатәқәа рганахьала аконсультациақәа рымҩаҧгара.

Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи рнапы зҵарҩыз аусмҩаҧгатәқәа рплан инақәыршәаны, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа, ахәаахәҭра астатистика, аџьармыкьатә маҵзурақәа, атранспорт уҳәа рстатистикатә ҳасабрбақәа ирыҵанакуа азҵаатәқәа ирызкны аконсультациатә цхыраара рыҭахоит.

Аҧыза-министр инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҳәынҭқарратә еилакы, аминистррақәа, ахылаҧшырҭақәа, аиҳарак акурорттә усхкы иадҳәалоу астатистикатә дыррақәа рҵабырг ацклаҧшреи насгьы астатистикатә рбагақәа рҿы иҟоу агхақәа рыриашареи рганахьала Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз азгәаҭарақәа ҳасаб рзуны, иааизакны, иҟоу аҧышәа ду ахархәарала амилаҭтә статистика аҭагылазаашьа арҽеира ахшыҩзышьҭра ду арҭарц.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me