Ахылаҧшра агмыжьразы

Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа атәылауаа аррамаҵзура ашҟа ааҧхьара рыҭареи аруаа ҧхьатәара рышьҭреи иазку аусмҩагатәқәа ишахәҭоу ала рымҩаҧгара ахылаҧшра аҭаразы анапынҵақәа рыҭоуп.

Октиабр ҩеижәа рзы Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб «2022 шықәса жьҭаарамза-ҧхынҷкәынмза рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзура ашҟа ааҧхьара рыҭаразы» Аиҳабыра Реилазаара Ақәҵара №153 инапы аҵаиҩит. Уи инақәыршәаны араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра, иара убас аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа, атәылауаа аррамаҵзура ашҟа ааҧхьара рыҭара иазку аусмҩаҧгатәқәа ишахәҭоу ала амҩаҧгара ахылаҧшра аҭаразы анапынҵақәа рымазаауеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me