Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ноиабр 10 рзы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусуратә имаҵура дахагылоижьҭеи ҩышықәсеи бжаки ирыҵаркуа аамҭазы иалыршоу иазкын аҳасабырба ҟаиҵеит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәарақәа рзал аҟны. Ҩ-сааҭк иназынаҧшуа ицоз аиқәшәара, ҩ-хәҭакны ишьақәгылан. Актәи ахәҭа аҟны Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иқәгылара, аҩбатәи ахәҭаҿы аелектронтә ҟазшьала Аҧсны Ахада изаарышьҭуаз азҵаарақәеи аҭыҧантәи изнеиуаз азҵаарақәеи рҭак рыҟаҵарала.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2,5 шықәса рыҩнуҵҟа имҩаҧгоу аусуразы аҳасабрба ҟаиҵеит
Аҟәа, Москватәи акультура-устә центр «Москва Аҩны» Очамчыра араион ашколқәа асахьаркыратә литература ашәҟәқәа 500 инареиҳаны ҳамҭас ирнаҭеит. Ари алыршахеит Москва Аиҳабыра иҟарҵаз афинанстә цхыраарала.
Амҽыша, ноиабр 6 азы Анцәа Иан Лылацәеиқәыҧсара Мықәтәи акафедралтә уахәамаҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи Сретентәи аберҭыҧ Ахори еицымҩаҧыргаз агәыҳалалратә концерт.
Абри агәыҳалалратә ус иабзоураны еизган 342 734 мааҭ, – иаанацҳауеит Аҧсны акультура Аминистрра.
Еизгоу амалқәа зегьы дәықәҵахоит ауахәама аиҭашьақәыргыларахь. Ҳаҧхьаҟагьы ацхыраарақәа рыҟаҵара иацҵахоит онлаин арежим ала.
Акультура Аминистрра ҭабуп ҳәа ранаҳәоит ҧарала ацхыраара ҟазҵаз атәылауаа, асасцәа зегьы.
Ноиабр 2 азы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа реизара.
Арбитражтә усӡбарҭа асаит излаанацҳауа ала, иазыӡырҩын 2019-2022 шықәсқәа рзы акомиссиа имҩаҧнагаз аусура иазкыз Аҧышәаратә комиссиа ахантәаҩы Генри Гамисониа иҳасабрба.
90 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит аҵарауаҩы, Аҧсны Жәлар Реизарахь депутатс иалырххьаз, «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьаз Ермолаи Кьасыгә-иҧа Аџьынџьал!.Сҩыза, зыгәра згоз, акыр шықәса аус еицызухьаз, асоветтә аамҭазы акыр аџьабаақәа еицызбахьаз, ҳажәлар рықәҧараҿы ирыхәашаз аусқәа ирызкны – амаӡа зыбжьаз, иагьыназыгӡоз иҧсӡы ансаҳа, даара сгәы далсит.