Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ноиабр 4 азы хаҭала игәеиҭеит Бедиа ақыҭан звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара – 220» аҟны иҟалаз амашъыр ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы хаҭала ириҭаз анапынҵақъа ирынагӡашьоу. Абри атъы аанацҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.

Арҽеиратә усурақәа ахьынарыгӡоз аҭыԥ аҟны иҟан Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы инапынҵақәа назыгӡауа Зураб Багаԥшь.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа инарықәыршәаны, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб аилацәажәара мҩаҧигеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Пустовалови Ареспубликатә унитартә наплакы «Аҧсныфармациа» аиҳабы Русҭам Адлеибеи алархәны. Уи рызкын атәылахьчара арҕәҕәара иазку аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара азҵаарақәа.

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит атәылахьчара Аминистрра иаҭаху ахәшәқәеи амедицинатә лыхымҭақәеи рыла аиқәыршәара азҵаарақәа.

Михаил Мишустин иахь

11 Абҵара 2022 14:24

Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустин жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.

 

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путини Урыстәыла ажәлар зегьи ирыдиныҳәалеит жәлар ракзаара Амш.

А

ҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи ҩымз ракәын иҵхьаз, аибашьра иаҳзыннажьыз ахәрақәа мҕьацызт, ақалақь аибашьра амца иацәынханы акрызҵазкуаз ахыбрақәа хыблаа-ҿыблаа, еилаҧыххаа, ааха ҕәҕәа рыҭан. Аха аҧхьаҟатәи  аҧеиҧш иазхәыцтәын. 1993 шықәса декабр 12 рзы Жәлар Рҧыза, Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аҟны Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиҿкааразы Ақәҵара инапы аҵеиҩит. Уи даара ибзианы еиликаауан аҳәынҭқарра аҿиараҿы аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҭыҧ ду шааннакыло, уи шьаҭас ишамоу.

Аибашьра ашьҭахьтәи акыр иуадаҩыз аамҭазы имариамызт иааинырсланы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҧҵара, ауадаҩрақәа ирыхҟьаны В.Г. Арӡынба уи аҧҵаразы инапы зҵаиҩыз аусҧҟа аус ауртә еиҧш амч анаиуз хышықәса рышьҭахь 1997 шықәса жьҭаара 30 рзы еиҿкаан Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раҧхьатәи аилазаара. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раҧхьатәи апрезидентс далхын еицырдыруа абызшәадырҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Шоҭа Ҟасҭеи-иҧа Арсҭаа. Ҳәарада, ари акрызҵазкуаз хҭыс дуун Аҧсни аҧсуа жәлари рзы. Уи нахыс, 1997 шықәса жьҭаара 30 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҧҵара иамшны ишьақәгылеит.

Иахьа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа анапы алакуп аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа жәпакы, аус руеит аҟәшақәа хҧа: агуманитартә, асоциалтә ҭҵаарадырра, афизика-математикатә, атехникатә ҭҵаарадырра, амедицина-биологиатә, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадырра, Адгьыл азы аҭҵаарадырра. Урҭ рнапаҵаҟа иҟоуп хазы-хазы ирыҵаркуа ала аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа.

Раҧхьатәи аҟәша иаҵанакуеит Аҧсуаҭҵааратә институт, анаҩс – Азини аекономикеи ринститутқәа; аҩбатәи – Аҟәатәи афизика-техникатә институт, Агидрофизикатә институт, иара убас, Аекологиа аинститут; ахҧатәи – аексперименттә паталогиеи атерапиеи ринстиут, Аботаникатә институт, Ақыҭанхамҩатә институт, иара убас А.Кәыџба ихьӡ зху акурортологиеи итрадициатәым  амедицинеи рцентр.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҟны иҟоуп 15-ҩык академикцәа, 11-ҩык алахәыла-корреспондентцәа, 19-ҩык – ҳаҭыр зқәуи, аҳәаанырцәтәи алахәыла-корреспондентцәеи. Академиа анапаҵаҟа иҟоу аусҳәарҭақәа рҟны аус руеит 400-ҩык инареиҳаны аҭҵааҩцәа. Убарҭ рахьтә 29-ҩык аҭҵаарадырратә докторцәа ыҟоуп, аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа – 93-ҩык:

25 шықәса оумак ирацәам, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа даара иқәыҧшу еиҿкаароуп, аха 25 шықәса рыҩнуҵҟала аҳәынҭқарра арҿиараҿы ҳбызшәа ҳҭоурых, ҳҵас, ҳқьабзқәа уҳәа егьырҭ атәыла анҭыҵ аӡыргара, дырдырра аҟны ҳаҭҵаарадырратә усзуҩцәа, ҳҵарауаа ирылшаз рацәоуп.

 

Москва, Абиблиотека №36 аҟны иҟоу Фазиль Искандер Икультуратә центр аҿы иаартуп имемориалтә уада.

Ауада аӡыргара иазкыз аусмҩаҧгатә ашҟа инеит Москватәи алитераторцәа, хаҭала Ф. Искандер ибзианы дыздыруаз, ашәҟәыҩҩы иҭаацәа, Москватәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа, ҳџьынџьуаҩ иҭынха пату ззақәу аӡәырҩы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me