Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара

Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара ҭагалантәи изаамҭанытәу аилатәара. Аилатәара аартын Аҧсны агимн арҳәарала. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан жәиҧшь зҵаара. Урҭ рахьынтә ҩ-зҵаарак ииаган иааиуа егьырҭ аилатәарақәа рышҟа, иҵегьы аус адуларазы.

Жәлар Реизара адепутатцәа аусура иалагеит акадртә зҵаарақәа рыӡбарала. Маӡалатәи абжьыҭарала Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩцәас ишьақәырҕәҕәоуп Екатерина Адлеиҧҳаи Беслан Берулааи. Иара убас акадртә зҵаарақәа рыӡбараан аконтрольтә палата аудиторс дшьақәырҕәҕәан Инга Чыркба. Уаанӡа апалата аудиторс иҟаз Беслан Кәыҵниа хатәгәаҧхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны ихы дақәиҭтәын.

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы Урыстәыла Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Еиду Амилаҭтә еиҿкаара Ассамблеиа хада, Апарламентбжьаратә еидгылеи, Европатәи апарламенти, Адунеи апарламентқәеи рахь Украина Европа аҭышәынтәалара ашәарҭара иахьҭанаргыло азы иҟанаҵаз ааҧхьара ишадгыло азы ақәҵара рыдыркылеит.

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа раҧхьатәи аҧхьарала ирыдыркылеит азакәан апроект «Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан «Аҳәынҭқарратә биуџьет аиҭакрақәа ралагаларазы». Ари азы ажәахә ҟаиҵеит Аҧсны Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

«Ари азакәан апроект аҟны иарбоуп 2022 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет. Уаҟа ианырҧшуп ахарџьи ахашәалеи иара убасгьы адефицитгьы», – иҳәеит афинансқәа рминистр. Иааидкыланы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны 2022 шықәсазы ахашәала иартәоит 12 150 159,7 нызқь мааҭ, ахарџь – 13 555 193,2 нызқь мааҭ. Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит иартәоит 1 405 033, 5 нызқь мааҭ. Адепутатцәа ирыдгалаз азакәан апроект аҟны иааизакны 2022 шықәсазы Аҳәынҭқарратә биуџьет ахь иззыҧшу ахашәала иартәоит 9 763 649,9 нызқь мааҭ. Ари азакәан апроект аҟны иазааҭгылан еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыцхырааразы иазоужьхо ахарџь. Афинансқәа рминистр Владимир Делба иакәзар, адепутатцәа рышҟа аҳәара ҟаиҵеит ари азакәан апроек ахәаҧшра рацәак иадымхаларц, уи ауалафахәы ашәараҿы аиҧҟьарақәа ахылмҿиаарц азы.

Жәлар Реизара аилатәараҿы ақәҵара рыдыркылеит Жәлар Реизара адепутатцәа Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа акомитетқәа рҿы аусуразы рышьҭра. Уахь идәықәҵахоит Ашот Миносиан, Алмас Акаба, Левон Галустиан, Винори Бебиа, Беслан Ҳалуашь, Резо Занҭариа, Аслан Лакоба.

Ашәахтә закәанҧҵара иазааҭгыло иазгәаҭан аиҭакрақәа ралагалара. Уи азы иаҧҵан Жәлар Реизара адепутатцәа русуратә гәыҧ. «Ҳтәыла Мрагыларатәи ахәҭаҿы анаплакқәа рырҿиаразы аҭагылазаашьа маҷк ихьысҳауп. Иахьа ауаа ирыҭатәуп алшара рнапы зларкыз аус маҷк ишьақәдыргылартә еиҧш. Абри аҩыза азакәан урҭ хәыҷык ацхыраара рнаҭоит ашәахтәқәа рганахьала», – иҳәеит Жәлар Реизара адепутат Беслан Емрыхәба.

Жәлар Реизара аилатәараҿы ауаҩы изинқәа рыхьчара ҳәаақәызҵо аппарат 2023 шықәсазтәи абиуџьет шьақәырҕәҕәан.

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы ирзааҭгылан еиуеиҧшым егьырҭ азҵаарақәагьы.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me