Аҧсны Ахада иажәа дахымҧеит

Ноиабр 10 рзы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусуратә  имаҵура дахагылоижьҭеи ҩышықәсеи бжаки ирыҵаркуа аамҭазы иалыршоу иазкын аҳасабырба ҟаиҵеит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәарақәа рзал аҟны. Ҩ-сааҭк иназынаҧшуа ицоз аиқәшәара, ҩ-хәҭакны ишьақәгылан. Актәи ахәҭа аҟны Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иқәгылара, аҩбатәи ахәҭаҿы аелектронтә ҟазшьала Аҧсны Ахада изаарышьҭуаз азҵаарақәеи аҭыҧантәи  изнеиуаз азҵаарақәеи рҭак рыҟаҵарала.

"Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, акыр иаҧсоу аҩызцәа, алхрақәа раан, сара ишәысҭеит ажәа исылшаз, сзыхьӡаз, сызхьымӡаз атәы ҳшалацәажәо. Иахьа ари ажәа насыгӡоит…".Иазгәеиҭеит ҩы-шықәсеи бжаки раҧхьа ажәлар агәрагара ширҭаз, урҭ раҧхьа ҭоуба шиуз. Иара иҳәеит зегьы ргәы иҵхо иаҳарц  шиҭаху, аҧхьаҟа конструктивла аус еицырурц азы.

Иара дазааҭгылеит ҩышықәсеи бжаки рыла ишрылдыршаз афинанстә-економикатәи абанктәи усқәа рҟны, агәабзиарахьчара, акультура, ашәарҭадара ахырхарҭақәа рыла аиҭакрақәа жәпакы.

Аҧсны Ахада даҩымсит аҵыхәтәантәи аамҭазы афымцалашара арцәара зыхҟьо азҵаарагьы. "Аҽгәара" ацәаҳәа ахьҿыблаауаз азы, иаахәан иара иахәҭоу аматериалқәа. Иара иажәақәа рыла, ирылаган графикла амонтажтә усурақәа, урҭ аусурақәа ирласны ишымҩаҧгазгьы, ицәырҵит иҵегь апроблемақәа. Уи аспециалистцәа аус адыруларц азы аграфик шьақәыргылоуп.

Дазааҭгылеит Аҧсны атәылахьчара Аминистрра ашәарҭадара атәгьы, еиҳараӡак  Аҧсны Аҳәынҭқарра аганахь ала ацхыраара ду шыҟанаҵо аштатқәеи, амобилизациатә еиҿкаарақәеи, амотериалтә-техникатә цхыраареи уҳәа убас ирацәаны.

Аҧсны Ахада дазааҭгылеит ҩышықәсеи бжаки иҟаз акоронавирустә чымазара, уи аиааиразы, адгылара аарҧшразы амчқәа зегьы уахь ишьҭын. Иара иҭабуп ҳәа раиҳәеит аамҭа уадаҩ аан ажәлар ацхыраара рызҭоз аҳақьымцәеи, анаплакҩцәеи, азҿлымҳара аазырҧшуаз ауааҧсыра зегьы. Иазгәеиҭеит абри ачымазара бааҧс инадҳәаланы шықәсыки бжаки иҟаз аҧкрақәа зегьы рганахьала ишырҧырхагахаз. Иара иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы раҧхьаӡакәны Аҧсны аҳәынҭбиуџьет харҭәааны, ахалашәахәгьы аанхеит. Уи еиҧш аҭагылазаашьа аныҟала асоциалтә хырхарҭала ирышьҭит. Еиҳараӡак Аҧсны зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу, ацхыраара зҭаху аашә нызқьи бжаки рҟынӡа рхыҧхьаӡара наӡоит. Урҭ еиуеиҧшым ахырхарҭала ацхыраара рыҭаразы ирзоужьуп 700 миллион мааҭ. Иара убас ацхыраара рырҭахьеит 7-нызқьҩык Аҧсны ауааҧсыра, зықьҩык инарзынаҧшуа ацхыраара рыҭан Аҧсны анҭыҵ аҽыхәашәтәразы, 450-ҩык аҿар ирзоужьын аҧара Аҧсны анҭыҵ Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵарц.

Иазгәеиҭеит угәы иамыхәарц шалымшо атәым милаҭқәа рҟынтәи аинвесторцәа азҿлымҳара аҭара ишалагаз ҳаҧсадгьыл. Иахьатәи ҳаамҭазы  иҳамоуп амшын баҕәазақәа ҩба. Аҳаирбаҕәаза аусура алагара  азгәаҭоуп, анапы аҵаҩуп  апроект аҟаҵаразы аконтракт. Уажәы уаҟа аҽазыҟаҵаратә усмҩаҧгатәқәа цоит.

Ари аамҭа иҭагӡаны азҿлымҳара рыҭан ақалақь амҩақәа, амҩадуқәа. Зегьы еизакны иуҳәозар, 106 километр амҩа аремонт ҟаҵан. Еиҭашьақәыргылан 6-цҳак, урҭ рахьтә хәба даара ишәарҭан, харџьлагьы иартәеит 240 000 000 миллион мааҭ. Аӡымҩангагатәи  аконализациатәи  трубақәа, уҳәа иарбанзаалак ибзианы иҭҵааны, амонтаж азуны ауп амҩа ианалаго. Убас, Аҟәа ақалақь  ауааҧсыра игәарымҭарц залшом, шықәсырацәала ақәа анлеиуаз аҩар ацарҭа аиуӡомыт азы амҩадуқәа ирнылон, ихыҵуан, уажәы зегьынџьара иахьымӡазаргьы кырџьара угәы иаахәаратәы иҟоуп. Иҧсахын иара убас 160 километр аканализациатә трубақәа. Уи  адагьы ирыцқьан атрубақәа Гагратәи Гәдауҭатәи рраионқәа рҟны. Раҧхьаӡакәны Афон-Ҿыц ақалақь аҟны атрубақәа зегьы ҧсахын. Кәланырхәеи Абгархәыкәи ,Жәандәрыҧшьи, Мгәыӡырхәеи ақыҭақәа рҿы еиқәыршәоуп ӡыла, иҵаҵоуп аӡымҩангагатә трубақәа.Агәыӡера, Гәылрыҧшь, Маҷара, Каштак аӡымҩангагатә трубақәа ыҵаҵан, иара убас ақыҭа Мықә аӡымҩангагатә трубақәа шьҭаҵан, Тамшь, Ануаа рхәы, ақалақь Аҟәа ҭыҧқәак рҿы,Тҟәарчал араион, Гагра ақалақь рҿы иӡбоуп аӡымҩангагеи аӡылашьҭыгеи рызҵаарақәа. 40-нызқь инареиҳаны Аҧсны ақалақьқәа ирыланхо ауааҧсыра аҭагылазаашьа роуит аӡы цқьа ажәра, иаҧырҟәҟәаахеит аканализациатә проблемагьы. Аҧсны ақыҭақәа рҿы иқәынхо 15-нызқьҩык инарзынаҧшуа ауааҧсыра алшара роуит аӡы цқьа ажәра, ахарахәара. Арҭ аусмҩаҧгатәқәа рхарџьқәа идыртәеит  миллиардк.

Иаахәан 160 километр рҟынӡа  акабельтә цәаҳәа, уи иақәхарџьхеит миллиардк иназынаҧшуа, ареконструкциа азура аҭахуп, убри азоуп иахьынӡалшо зынӡаск фымцалашарада ҳаанымхарц азы изацхраауа. Аха иазгәеиҭеит,  афымцалашара азҵаара апроблема иахьа ишцәырымҵыз, уи ыҟоижьҭеи шықәсы рацәала ишҵуа.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит 2020 шықәсазы акоронавирустә чымазара иахҟьаны ауаа рыҧсҭазаара иалҵуа ианалага, ацхыраара аҟаҵаразы ишазоужьыз  миллиардки 18 миллион мааҭи. Цхыраагӡак аҳасаб ала уахи-ҽни   амедицинаҿ аус зуаз ирзоужьын 281 миллион мааҭ, Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭа иазоужьын 102 миллиард мааҭ. Уа иалоуп акомпиутертә томографиа, ачымазцәа рыкрыфара, рцәарҭа маҭәақәа рыҧсахра, акислород. Амедицинатә маҭәашьарқәеи, амедикаментқәеи, урҭ раагареи иартәеит 503 миллион мааҭ, 30 кислородтә концетратқәа, аппарат ВЛ иартәеит 24 миллион мааҭ, иара убас иаахәан ҳаамҭа иақәшәо ацифратә рентген илауга-ҩауго, амедикаментқәа раахәара, аҳақьымцәа ирҭахыз аинструментқәа иартәеит 463 миллион мааҭ, арентген атрубка атомограф азы иаахәаз ареспубликатә хәышәтәырҭазы иартәеит миллионк, ахшараиураҭазы  амаруга иартәеит 7 миллион мааҭ уҳәа убас ирацәаны.

Дазааҭгылеит асасааирҭа ҩны "Аиҭар" аҿы иҩнарҵаз, акарантин иҟаз ауааҧсыреи, аҳақьымцәа ацны Урыстәылантәи иааны иҟаз амобилтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа ацны зегьы ааизганы  иартәеит 28,5 миллион мааҭ. Уи ган Аҧсны ареспубликатә биуџьет аҟынтә.

Ахада иажәақәа рыла, апандемиа раҧхьаӡа Аҧсны ианықәнагала инаркны  ичмазаҩхеит 57 740 нызқь ҩык, ихәышәтәын 57 045, иҧсит 695 ҩык.

Агәабзиарахьчара аганахь ала иуҳәозар Гәдоуҭатәи Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭақәа рҿы аремонт ҟаҵан, иара убас Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа иазаахәан амыругақәа, аремонт ҟаҵан ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы, аҳәса рконсультациаҟны, зықәрахь инеихьоу рыҩны аҟны.

2020 шықәса инаркны етап-етапла категориала Аҧсны аҳәынҭбиуџьет аҿы иҟоу руалафахәы ацлара иаҿуп. Иазгәеиҭеит, ауадаҩрақәа шыҟоугьы азҿлымҳара шаҭатәу аҵарадырра ашьҭыхра. Гәдоуҭатәи араион ақыҭақәа: Дәрыҧшь, Лыхны, Џьырхәа, Приморск ашколқәа рҟны,Гагратәи ақалақь школ №1, Очамчыратәи ашкол-интернат, Ҷлоу ақыҭа ашкол. Иара убас Афон-Ҿыцтәи Пицундатәи ахәыҷ баҳчақәа аремонт рызун. Даҩымсит иара убас азанааҭ хырхарҭа аҭаны атомклассқәа иаадыртыз Пицундеи, Аҟәеи, Тҟәарчали, Тамшьи рҿы даара гәахәара дууп ҳәа иҧхьаӡоит. Иҭабуп ҳәа иеиҳәоит ари апроект аҟалара зыбзоуроу, иацхрааз Џьумбер Тҟьебучава.

Аҧсны ашкол аҵаҩцәа зегьы ирызшан 195 нызқь арҵагатә шәҟәқәа, уи харџьла иартәоит 82 миллион мааҭ.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иқәгылараҿы дазааҭгылеит акультуреи аспорти,атуризм, ГАИ ахараҧсақәа, ашәарҭадара уҳәа убас иҵегьы. Аҩбатәи ахәҭа хыхь ишысыҩхьоу еиҧш азҵарақәа иҭареи рҭак аҟаҵареи рыла ишьақәгылон. 

С. Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me