Ноиабр 16 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Уаҟа ирзааҭгылеит аенергетикатә усхк аҟны амалқәа реимҵәара аҭыҧ амоушәа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵыз адокументқәа, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада исаит.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә гәыԥ еиҿыркааижьҭеи 30 шықәса аҵра аҳәаахьчаҩцәа ирыдиныҳәалеит.

Ноиабр 22 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит аҳәынҭққарраҿы аенергетикеи аинвестициатә усуреи рызҵаарақәа ирызкны, – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика Аминистрраҿы имҩаԥылгаз аицъәажәарақәа рылҵшәа иалҳәеит. Урҭ мҩаԥысит иҳаҩсыз амчыбжь азы атәыла Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала.

Елҟан Гәазаа ииааира

17 Абҵара 2022 15:10

15-18, 19-20 шықәса зхыҵуа ақәыҧшцәа рыҩнуҵҟа атлетика хьамҭазы Урыстәыла аицлабрақәа мҩаҧысуеит Тула ноиабр 11 инаркны 20 азынӡа, иаанацҳауеит аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.

Иаҳхысыз ашықәсазы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟа инақәыршәаны иаҧҵан ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Аппарат. Уи еиҳабыс дарҭеит акыршықәса агәыҳалалратә еилакы "Ашана" напхгара азызуаз Мактина Оҭар-иҧҳа  Џьынџьал-ҧҳа. Ҳара ҳалҭааит ари аусура ахықәкы аилкааразы.

Алаҳәара

17 Абҵара 2022 15:05

18.11.2022 ш., асааҭ 14 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ақ. Аҟәа, Лакоба имҩа аҩны 111, 1-тәи аихагылаҿы аӡбаратә еилатәара мҩаҧнагоит. Уи азкуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иаларгалараны иҟоу "Азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра" арҽеиразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан апроекти Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахы 7 адҵақәеи ахьынӡеиқәшәо аганахьала алкаа аҟаҵаразы Аҧсны Ахада иҟаиҵаз азыҳәара ахәаҧшра.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me