Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2,5 шықәса рыҩнуҵҟа имҩаҧгоу аусуразы аҳасабрба ҟаиҵеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2,5 шықәса рыҩнуҵҟа имҩаҧгоу аусуразы аҳасабрба ҟаиҵеит

  • Фымцала аиқәыршәара

Алхрақәа рыламҭалаз сара ажәа шәысҭеит Аҧсны ахадараҿы сыҟазаара аҿҳәара азбжазы ҳауаажәлар рҿаҧхьа ҳҳәынҭқарра иалшаз иалымшаз, аҧхьаҟа иҟаҵатәу азы шәҿаҧхьа аҳасабырба шыҟасҵо азы. Ҩышықәсеи бжаки ҵит смаҵура сахагылеижьҭеи. Имариамызт арҭ ашықәсқәа.

 Иахьатәи ҳаиԥылара афымцамч аҭагылазаашьа инамаданы иҟоу ауадаҩрақәа рыла салагоит. 2,5 шықәса рыҩныҵҟала Аԥсны афымцамч арҿиара иазоужьуп 1 млрд мааҭк инеиҳаны. Убри аан, афымцакаҭақәа иахьынӡарылшо ала аусура иаҿуп, амашәыр ҟамлакәа, инеиужьны аус аурц азы жәа-миллиардла аԥара аҭахуп.

 Афымцамч асистема акризис алгаразы 2017 шықәсазы аспециалистцәа изларҳәо ала, 20 млрд мааҭ инареиҵамкәа иақәхарџьтәуп, Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны ахатәы хәҭаа иартәо зынӡа 6,5 млрд мааҭ анартәо.

Рыцҳарас иҟалаз, Аԥсны ауааԥсыра ихаз афымцамчтә нхамҩа ахҟьа-ԥҟьақәа лассы-лассы ауадаҩрақәа рызцәырнагоит, алашара арцәара ҳаԥсҭазаараҿы макьанагьы ҳзацәцом. Ҳбиуџьеттә лшарақәа ҳасаб рзуны, ари апроблема ӡбашьа амаӡам. Шықәсырацәала иаауа афымцамчтә кризис ари аусхк аҟны инарҵауланы ареформақәа, жәа-миллирадла аԥара адԥхьалара аҭаххоит, аха ихадароу ԥҟараны иҟазароуп – афымцамч система напхгараҭараҟны аҳәынҭқарра иамоу аҭыҧ хада аиқәырхара.

  •  КОРОНОВИРУС ИАҾАГЫЛАНЫ АҚӘԤАРА

 2020 шықәса инаркны 2022 рашәарамзанӡа Аԥсны короновирустә ҿкы чымазара иаҿагыланы ақәԥараҟны ахарџь иартәеит 1,1 млрд мааҭк инареиҳаны.Ҳаамҭазтәи ҳтәыла аҭоурых аҟны раԥхьаӡакәны иглобалтәу аҿкы чымазара цәырҵит, уи аҿагыларазы 2020 шықәса инаркны ҳазҭоу ашықәс рашәарамза 1 аҟынӡа ахарџь иартәеит 1 млрдки 18 млн мааҭ. Даҽакала иаҳҳәозар, абазатә инфраструктура иазоужьыз иаҟараны аҿкычымазара аҿагыларазы иазоужьын. Аепидемиа ҳазегьы ҳаидгыланы ҳаиааит, ари ачымазара аҿагылараҟны рлагаламҭа дууп афинанстә цхыраара маҷымкәа иҟазҵаз ҳтәылауаа, ҳҩызцәа, абизнесуаа, амеценатцәа, ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп Ҳазреҭ Меџьид-иԥа Совмен илагаламҭа.

  • УРЫСТӘЫЛЕИ ҲАРЕИ ҲАИМАДАРА ԤГАРА  АМАӠАМ

Урыстәылеи ҳареи ҳаимадара иазку ахырхарҭа ԥсахра ақәым, ԥгара амаӡам. Аԥсны Кавказтәи арегион аҟны аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи арӷәӷәараҿы акрызҵазкуа ароль нанагӡоит. Ҳара аидгылара ҳабжьоуп, аринахысгьы Аԥсни Урыстәылеи реидгыларатә еизыҟазаашьақәа аҩ-тәылак рыжәларқәа рзы хәарҭара злоу ҵакыла ишьақәгыларазы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит.

  •  ЗЫДА ԤСЫХӘА ЫҞАМ АУСНАГӠАТӘҚӘА

Аибашьратә шәарҭадара алыршара иадҳәалоу азҵаара есқьынгьы иқәгылан. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аҽеизгаратә зыҟаҵара аиӷьтәра иазку зыда ԥсыхәа ыҟам ауснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы.

Иҷыдоу абџьарла аҽеибыҭара ҳалагеит. Иақәнагоу, зыда ԥсыхәа ыҟам ацхыраара ҳаиҭоит ҳастратегиатә партниор.

  •  97 ҬААЦӘАРА

2021 шықәсазы ҳтәылауаа анхарҭа аиуразы иззыҳәоз афинанстә цхырааразы иаларҵаз арзаҳалақәа 50 рыдыркылеит. Урҭ рахьтә: I агәыԥ иаҵанакуа 9-ҩык аинвалидцәа, иара убас аибашьра аинвалидцәа, ахәыҷқәа – аинвалидцәа змоу аҭаацәарақәа 21, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа 20 ыҟоуп.

2022 шықәсазы ирыдыркылеит атәылауаа рыҟнытә арзаҳалқәа 47. Урҭ рахьтә: I агәыԥ иаҵанакуа 14-ҩык аинвалидцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аибашьра аинвалидцәагьы, ахәыҷқәа – аинвалидцәа змоу аҭаацәарақәа 16, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа 14, аибашьраҿы иҭахаз рҭаацәарақәа ҩба, аеҭымк иаларҵаз.

  • АПЛАНҚӘА ИРЫЦҴАНЫ ИНАГӠОУП

 2021 шықәсазы аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рыҩныҵҟала раԥхьаӡакәны аҳәынҭбиуџьет ахашәалахәқәа рыла апланқәа ирыцҵаны инагӡоуп. Агәра ганы ҳаҟоуп, сынтәагьы ари атенденциа аҽаҧсахӡом ҳәа. Раԥхьа иргыланы ҳажәлар рсоциалтә ҭахрақәа рынагӡара иазку аҳәынҭқарра алшарақәа ианрыцла, хықәкыла ацхыраара рыҭара ҳалшеит 8,5 нызқьҩык ауааԥсыра. абиуџьет аҟнытә ари аус иазоужьуп 700 миллион мааҭ рҟынӡа, ари иҵегьы ацҵара ҳазхәыцуеит. Ари ахықәкы иазоужьуп 700 миллион мааҭ рҟынӡа, уи иҵегьы ацҵара ҳазхәыцуеит.

Хықәкыла еиуеиԥшым аҭагылаазшьақәа рыӡбаразы ацхыраара роуит 7 -нызқьҩык, зықьҩык инареиҳаны – хырԥашьа змам ахәышәтәра амҩаԥгаразы, 450 –ҩык инареиҳаны аҿар алшара роуит аҵаразы абасала ацхыраара рыҭара иабзоураны.

Атәыла анапхгара 2,5 шықәса рыла аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рматериалтә лшарақәа реиӷьтәразы ауснагӡатәқәа мҩаԥнагеит. Ҷыдала иаҳҳәозар, 2020 шықәса агәҭа инаркны иахьа уажәраанӡа АА ААР аҟны ауалафахәқәа бжьаратәла 70% ирыцҵоуп. Хаҭалатәи аилазаара зыда ԥсыхәа ыҟам маҭәахәла аибыҭаразы ари аамҭа иалагӡаны иазоужьуп 190 млн мааҭ.

 Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп, аҳасабрбатә аамҭа аҩнуҵҟала азеиԥшшьаустә хырхарҭала ацәгьоурақәа реиԥш, ацәгьоура бааԥсқәеи ҷыдала ибааԥсуи реиԥш, раарҧшра ишазҳаз. Иахьазы ауаа рӷьычреиԥш иҟоу ацәгьоура бааԥсқәа ҳаԥсҭазаараҿы иаҳԥылаӡом. Иаалырҟьаны акырӡа еиҵахеит ақәыларақәеи арҳәрақәеи.

  •  АҦҞАРАҚӘА ЕИЛАЗГО АХАРА РЫДҴАРА

 Амҩа-транспорттә машәырқәа рыхкқәа ҳасаб рзуны, иазгәаҭатәуп уи зыхҟьо амзызқәа ишыруаку аҧхьа иааиуа ацәаҳәахьы аиасра, аццакра аизырҳара, арыжәтә ыжәны аҧсҟы акра. Убри аҟынтә, азыӡба сыдыскылеит амҩатә ныҟәарақәа рыҧҟарақәа реилагаразы асанкциақәа рырӷәӷәаразы. Ҳара хықәкыс иҳамоуп ахкқәа зегь раасҭа ишәарҭоу – рхыртәымкәа автомашьына аныҟәцареи, ирццакны арныҟәареи хьаҳәа-ԥаҳәарада аҿагылара.

Ҳазҭагылоу аамҭазы зхызтәымкәа амашьына ныҟәызцо рхараҧса аҳасабала 200 МРОТ рыдҵатәызар, ахараҧса 30 мшы ирылагӡаны амшәаразы шықәсык амашьына ақәтәаразы азин амхрахь ииасуазар,  уажәы ирыдызгалоит ари ауснагӡатә иҵегьы арӷәӷәара, ахараԥса аршәара инацҵаны, зхызтәымкәа амашьына аҧсҟы зку аныҟәцаразы иаразнак азин имхзааит шықәсыбжак, мызкы иалагӡаны ахараԥса имшәар, шықәсык азин имхзааит. Атранспорт ақәтәаразы азин зымху ахараҧса ацынхәрас, уажәы ишыҟоу еиԥш, хәаха-хәымш административтә аара идҵахоит, даҽа шықәсык аҧсҟы акра азин амамзаара аҿҳәарагьы иацлоит.

  •  АҦСШЬАРҬА ҨНҚӘА РХЫҦХЬАӠАРА ҨЫНТӘ ЕИҲАХЕИТ

 Ҩышықәсеи бжаки рыҩныҵҟала Аҧсны аҧсшьаҩцәа ахьыҩнарҵо аобиектқәа рхыҧхьаӡара ҩынтә иазҳаит. Атуризм- ҳекономика ашьаҭа хадақәа ируакуп, ари аусхк аҟны иҟоу арбагақәа рыла 2020 ш. азы аҧсшьаҩцәа ахьыҩнарҵоз 420 хыбра ыҟазҭгьы, 2022 ш. азы урҭ рхыҧхьаӡара иацлеит 778 обиект рҟынӡа. 2020 ш. ҳтәылаҟны 28 072 шьҭаларҭа ҭыҧ ҳамазҭгьы, ҳазҭоу ашықәс азы 39 323 шьҭаларҭа ҭыҧ ҟалеит. Ари зыбзоуроу хыԥхьаӡара рацәала атуристтә обиектқәа ашәшьыра иҵганы ашәахтә шәаразы ашәҟәы иахьҭагалаз ауп.

  •  Газла аиқәыршәара

 Аҧсны Аҳәынҭқарра газла аиқәыршәара атәыла афымцамч система иамоу аидара еиҵазтәуа афакторқәа ируакуп.  Иазгәаҭатәуп ҳәа сыҧхьаӡоит, Аҧсны Аҳәынҭқарра агазификациа асхема хада аус адулара шцо. Аҧсабаратә газ – афымца инадкыланы альтернативтә ҟазшьа змоу лшароуп. Аҧсны газла аиқәыршәара атәыла афымцамч система зҵоу аидара иагзырхо даҽа лшаракны иҟоуп, уи афымцатә шәарҭадарагьы иазнарҳар алшоит. Хара имгакәа асхема хада адкылара иазхиахоит, убри анаҩс атәылаҟны агазификациа амҩаԥгара аԥҟарақәа инарымаданы агазааглыхра злахәу аиҿцәажәара мҩаҧгахоит.

  •  АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДАС СЫҞАНАҴЫ…

 Ашәарҭадара – аинвестициатә ҳауазы зыда ҧсыхәа ыҟам акоуп, уеигәырҕьартә иҟоуп аинвесторцәа ҳтәыла зҿлымҳара арҭо иахьалагаз. Ҳара амшын баҕәазақәа ҩба ҳамоуп, атранзиттә лшарақәа ыҟоуп, иахьа аҳаиртә баҕәаза аартразы аусурақәа мҩаҧаҳгоит, апроект аиқәыршәаразы аконтракт иаҵаҩуп, азыҟаҵаратә усурақәа цоит. Иарбоу аҿҳәара иахымгакәа аҳаиртә баҕәаза аартра ҳалшап ҳәа сгәы иаанагоит.  Ҳара еилаҳкаароуп аинвестициаҟынтә иҳауа ахашәалақәа иахьа инарыгӡогьы аԥхьаҟа иазгәаҭоугьы асоциалтә программақәа ҵаргәас ишрымоу.

Арҭ ахашәалахәқәа аҭагылазаашьа аҧырҵоит ҳҳәынҭқарраҿы ашколқәа, ахәышәтәырҭақәа реиҭашьақәыргыларазы, ҳхәыҷқәа акрырҿаҵаразы, реилаҳәаразы, аҵара дырҵаразы.

Хазы иазгәасҭарц сҭахуп, аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа адгьылқәа, мамзаргьы Аҧсны жәлар иузрымымхуа рхатәтәра уҳәа рыҭира ишадҳәалам. Сара Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадас сыҟанаҵы, Аконституциа ахәдықәҵара афункциақәа назыгӡоит, адгьыл аҭиразы ацәажәарақәа ҟалашьагьы рымаӡам. Сара сусура зегьы Ҳаҧсадгьыл аҿиара, ҳхәыҷқәа рыҧсҭазаара зыдҳәалоу уи аԥеиԥш ачаԥара иазкуп. Ҳара уаҳа даҽа мҩак ҳамаӡам.

 Аԥсны Ахада 2,5 шықәса рыҩнуҵҟа иусуразы атәылауаа рҿаԥхьа иҟаиҵаз аҳасабрба атекст харҭәааны шәаԥхьоит аҳәынҭқарра Ахада Иофициалтә саит аҟны.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me