Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб дидикылеит акомпозитор, ашәаҳәаҩ, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Аахыҵ-Уаҧстәылеи зҽаҧсазтәыз рартист Алеқсандр Шоуа.

Ааигәа аестрадатә шәаҳәаҩы Аҧсныҟа дааит аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәаларц азы.

Алеқсандр Шоуа Аҧыза-министр иеиҳәеит ирҿиаратә гәҭакқәа, убрахь иналаҵаны Аҧсны иамадақәоугьы. Атәыла Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала, хаҭала иара ихьӡала Алеқсандр Анқәаб ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҧсны абаҩхатәра злоу аҿар ириҭо адгыларазы, Иҧсадгьыл еснагь илаҧш ахьаху азы.

Аҧыза-министр иаҵишьит Аҳәынҭқарра Аиҳабыра ҳаҧхьаҟагьы акультура аганахьала аитерес зҵоу апроектқәа ҳаҧхьаҟагьы рынагӡара дшацхраауа.

 

* * *

Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ҟрыми рбжьара ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаара-дырра техникатә, агуманитартә усеицуразы Еицырзеиҧшу акомиссиа имҩаҧысыз IV аилатәараҿы Аҧснытәи аделегациа хадара азызуаз Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иеиҳәеит Симферополь иҟаз аиҧыларақәа реихшьала атәы. Абри аанацҳауеит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Беслан Џьопуа ишазгәеиҭаз аиҧш, аганқәа имҩаҧыргахьоу аусура алҵшәақәа еихыршьалеит, ҳаҧхьаҟатәи рыгәҭакқәа азгәарҭеит. Уаҟа иарбоуп адгьылбжьахеи Аҧсни рыбжьара автобусла апассаџьырцәа рымҩангара аиҿкаара, ахәаахәҭреи, ақыҭа нхамҩеи, акультуреи, аспорти, атуризми рганахьала аусеицура.

Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ дазааҭгылеит Ареспублика Ҟрым Ахада Сергеи Аксионови иареи реиҧыларақәа рҵакы.

Алеқсандр Анқәаб Беслан Џьопуа инапы ианиҵеит аганқәа иазгәарҭаз аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара хаҭала ахылаҧшра аиҭаларц, ҩганктәи аусеицура аганахьала ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы ирласны рҭыҧ рықәҵара дацхрааларц.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me