Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

15-18, 19-20 шықәса зхыҵуа ақәыҧшцәа рыҩнуҵҟа атлетика хьамҭазы Урыстәыла аицлабрақәа мҩаҧысуеит Тула ноиабр 11 инаркны 20 азынӡа, иаанацҳауеит аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.
Иаҳхысыз ашықәсазы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟа инақәыршәаны иаҧҵан ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Аппарат. Уи еиҳабыс дарҭеит акыршықәса агәыҳалалратә еилакы "Ашана" напхгара азызуаз Мактина Оҭар-иҧҳа Џьынџьал-ҧҳа. Ҳара ҳалҭааит ари аусура ахықәкы аилкааразы.
18.11.2022 ш., асааҭ 14 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ақ. Аҟәа, Лакоба имҩа аҩны 111, 1-тәи аихагылаҿы аӡбаратә еилатәара мҩаҧнагоит. Уи азкуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иаларгалараны иҟоу "Азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра" арҽеиразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан апроекти Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахы 7 адҵақәеи ахьынӡеиқәшәо аганахьала алкаа аҟаҵаразы Аҧсны Ахада иҟаиҵаз азыҳәара ахәаҧшра.
Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаартын Аҧсны жәлар рсахьаҭыхҩы, аскульптор Амиран Адлеиба иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уахь инаган асахьаҭыхҩы еиуеиҧшым ашықәсқәа раан иаҧиҵаз аусумҭақәа. Ацәыргақәҵа еиҿкаан Амиран Адлеиба ииубилеи аҳаҭыр азы.
Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб дидикылеит акомпозитор, ашәаҳәаҩ, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Аахыҵ-Уаҧстәылеи зҽаҧсазтәыз рартист Алеқсандр Шоуа.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи ирыдиныҳәалеит амилициа Амш.