Ухызхуа ахаҿсахьақәеи аҧштәқәеи

Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаартын Аҧсны жәлар рсахьаҭыхҩы, аскульптор  Амиран Адлеиба иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уахь инаган асахьаҭыхҩы еиуеиҧшым ашықәсқәа раан иаҧиҵаз аусумҭақәа. Ацәыргақәҵа еиҿкаан Амиран Адлеиба ииубилеи аҳаҭыр азы.

Асахьаҭыхҩы, аскульптор Амиран Адлеиба амилаҭтә ҟазара арҿиара аус аҟны илагала шьардоуп. Убри ҳасаб азуны сынтәа – 70 шықәса ихыҵра инамаданы, амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара ашьақәгылареи арҿиареи русхк аҟны илагалазы  ихҵан "Аҧсны жәлар рсахьаҭыхҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Аҧсуа сахьаҭыхҩы диит Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Ақыҭаҿ абжьаратә школ даналга аҵара иҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы. Уи даналга дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. 1978-1979 шш. раан аррамаҵура ихигон. 1979-1983 шш. рзы аҵара иҵон Қарҭтәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә академиа аскульптура аҟәша аҟны.

Иҵара хыркәшаны Аҧсныҟа даныхынҳә аамҭала Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол аҟны аус иуан. 1986 ш. рзы Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ашҟа дрыдыркылоит. Ҩышықәса рышьҭахь СССР асахьаҭыхҩцәа Реидгылахь дрыдыркылоит. Хара имгакәа, 1987 ш. инаркны рҵаҩыс аусура далагоит А.К. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы.  

Акыр шықәса Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿыханҵатә ҟазара аҟәша аҟны идыррақәа астудентцәа ирымеидон. 2008 ш. раахыс Аҟәатәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабыс дыҟоуп, қәҿиарала аҵара-ааӡара аус инапы алакуп.

Ацәыргақәҵа аартрахь инеит Аҧсны Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, Россотрудничество Аҧснытәи ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа,  ауаажәларра рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.

Амиран Адлеиба авторс дрымоуп Аҟәа, Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны игылоу аибашьцәа рбаҟа, убас акыр аусумҭақәа. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара,  Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп.

Асахьаҭыхҩы хаҭалатәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа ашҟа инаган аҟазара абзиабаҩцәа иалыркаахьоу искульптуратәи, иҿыханҵатәи, играфикатәи усумҭақәа маҷымкәа.

Аусмҩаҧгатә зҽалазырхәырц инеиз  бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа ацәыргақәҵа аартуп ҳәа рылалҳәеит. Иналымҩатәны дазааҭгылеит Амиран Адлеиба иҟазараҿы хадара злоу аҭыҧқәа шааныркыло аҭоурых, иналукааша ахҭысқәеи ауааи. Ишыҟоу еиуеиҧшым ахаҭарақәа рпатреҭқәа, иуҧылоит алирикатә  ҟазшьа змоу, аромантизм зҵоу, академизм иазааигәоу аҧҳәыс лхаҿсахьа, аҧҳәызба лҭеиҭҧш, лыҧшӡара аазырҧшуа аскульптурақәагьы. Аха ихадоу, гәыцәс иҟоу аҭоурых атема шакәу. Абасала, хәҭа-хәҭала ишеиларсу аҟаза ирҿиара.

Анаҩс ажәа илҭоит Аҧсны Акультура аминистр Даур Ақаҩба. Уи далацәажәеит аҟазараҿы зыхьӡ рдыруа, зусумҭақәа рылаҵәахьоу Амиран Адлеиба ирҿиара амҽхак аҭбаара шарҵабыргуа ацәыргақәҵа ахаҭагьы. "Инапы злеикуазаалакгьы инҭырҳәцааны дазнеиуеит, алҵшәагьы уеигәырҕьартә иҟалоит. Иахьа, даҽазныкгьы иаабоит аҧышәа зырҳахьоу аҟаза идунеихәаҧшра иалиаауа, баҩхатәрала иаҧҵоу  иусумҭақәа. Аҧхьаҟагьы еиҳау ақәҿиарақәа изеиҕьаҳшьоит", – иҳәеит уи.

Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа иакәзар, иҩыза, иколлега иусумҭақәа рцәыргақәҵа аартра идныҳәалауа, даҩымсит аҟазараҿы асахьаҭыхҩы ирҿиаратә мҩа. Иазгәеиҭеит иусумҭақәа маҿа-маҿа ишеилоу, ахәаҧшҩы инарҵауланы дышдырхәыцуа, иарҳәо шырацәоу, убри алагьы ихатә хаҿра шимоу.

Рхатә гәаанагарақәеи рзеиҕьашьарақәеи рыла иқәгылеит иара убас Аҧсны абыргцәа Реидгыла ахантәаҩы Апполон Думаа, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа, арежиссиор, Аҧсны жәлар рартист Нодар Ҷанба, аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа уҳәа егьырҭгьы.

Аҵыхәтәан Амиран Адлеиба иҭабуп ҳәа реиҳәеит ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәеи уи иаҭаази зегьы.

 В.Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me