Амилициа аусзуҩцәа Рымш

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи ирыдиныҳәалеит амилициа Амш.

"Амилициа Амш – ари ажәлари, аџьынџьтәылеи, азакәани рмаҵзура зыҧсҭазаара азызкыз зегьы ирныҳәоуп. Аҧсны амилициа аҭоурых шәышықәсатәи аҳәаа иахысит, абарҭ ашықәсқәа рыла аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа зныкымкәа иаадырҧшхьеит рыжәлари рыҧсадгьыли гәыкала ишырзыҟоу. Абџьар шьҭыхны ҳхақәиҭреи ҳхьыҧшымреи рыхьчон, ацәгьоурақәа ирҿагыланы иқәҧон, ҳтәылауаа рҭынч ҧсҭазаара иахӡыӡаауа. Иахьа аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра, уи аҟәшақәа, аилазаарақәа азакәанреи азинлеишәеи рыхьчара иазку ҳәынҭқарратә институт хадоуп. Шәмаҵзураҿы иаашәырҧшуа аҟаҵарбақәа иҳарҳәоит шәзанааҭдырра атәы, акриминали акоррупциеи ирҿагыланы ақәҧараҿы агәаҕьра, атәылауаа рзинқәа, рхақәиҭрақәа, урҭ рхатә мал уаҩы дақәгәыҕыртә аиҧш ахьчара, ҳаҧсҭазаара ахкқәа зегьы рганахьала азакәан аҧхьа аргылара. Сшәыҳәоит ҳаҧхьаҟагьы ҕәҕәала, принципрала аус шәуларц ҳтәылауааи ҳҳәынҭқарреи ринтересқәа инарықәыршәаны. Атәыла ахәшьара анаҭоит шәмаҵуратә уалҧшьа анагӡараҿы шәхамеигӡара, аха даара акырӡа аҵанакуеит ҳаамҭазтәи ауснагӡатәқәеи адҵақәеи ирықәшәартә еиҧш аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русура.

Иахьа Аҧсны ҳаамҭазтәи еинҭәылоу аҳәынҭқарра аргылара амҩа уадаҩ иануп. Ауаажәларра рзыҧшуп дарбанзаалак иҧсҭазаара иахькьысуа аиҭакра бзиақәа. Амилициа аусзуҩцәа раҳаҭыри рзанааҭдырреи шьҭыхлатәуп, ҳтәылауаа дара рышҟа ирымоу агәрагара ырхынҳәтәуп", – иазгәаҭоуп аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

Ахада аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра хаҭалатәи аилазаара, амаҵзура аветеранцәа ирзеиҕьаишьеит агәабзиара ҕәҕәа, аҭынчра, аманшәалара, ақәҿиарақәа, ҳаҧсадгьыл аршәҭыкакаҷразы аихьӡара дуқәа.


Иара убас, амилициа Амш рыдырныҳәалеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me