Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Астудентцәа еицазыҟарҵоит

Ноиабр 21. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Шәачатәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсны атуристтә усхк азы астудентцәа реицазыҟаҵара напы адыркуеит.

Ноиабр 21 азы Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны имҩаԥысит аректор Алеко Гәарамиеи зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Мантера – Групп» адиректор хада Џьамбулаҭ Хатуови реиԥылара.

Гәарамиеи Хатуови алацәажәеит атуристтә индустриа аганахьала акадрқәа разыҟаҵара атема. Иазгәаҭоуп Шәачатәи аҳәынҭуниверситети, аинвестор ду «Мантера – Группи», акурорт «Гәбаадәи» реимадарақәа рышьақәыргылара. Уи хықәкыс иамоуп аҧышәа аимдара, арҵаратә программақәа реиҿыбаара, асервис жәларбжьаратәи астандартқәа раларҵәара. Иазааҭгылеит иналукааша атуристтә еилахәырақәеи Краснодартәи атәылаҿацә аобиектқәеи рҟны аҧышәа аимдаразы алшарақәа.

Асасцәа дырдыруа, аректор Алеко Гәарамиа далацәажәеит зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Мантера – Групп» Аҧсны ишаргылауа асасааирҭатә комплекс ду. Уи аусура иаладырхәырц шырҭаху «Асоциал-культуратә асервиси атуризми» азанааҭ ала Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет абиологиа-географиатә факультет аушьҭымҭацәа.

Атуризм азы аспециалистцәа разыҟаҵара аганахьала аҳәынҭзаказ анышьақәдыргылауа, абиуџьеттә ҭыҧқәа маҷны иҳауеит. Хадаратәла, абитуриентцәа ашәҟәқәа аларҵоит ахә зхыршәаауа аҵара ашьаҭала. Абас иҟоуп, избанзар атуристтә обиектқәа – хатәқәоуп. Аха уажәы аргылара иалагоит аобиект ду «Москва Резорт», шәара ишәбараны шәыҟоуп аӡәгьы усурҭада дшаанымхауа. Ари даара акраҵанакуеит, – иаҵишьит Алеко Гәарамиа.

Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Мантера – Групп» адиректор хада Џьамбулаҭ Хатуов иҳәеит Ҧицунда идыргылараны иҟоу акомплекс хә-еҵәак шаиуа.

«Уажәы шәара шәтәылаҿы аиҳарак аҧыжәара змоу хҧа, ҧшьба еҵәа рыла ишьақәгылоу асасааирҭақәа роуп, избанзар хә-еҵәак змоу асасааирҭақәа афинанстә мал дуқәа рҭахуп, уигьы зылшо ишьақәгылахьоу аинвесторцәа роуп, хьыӡҳәала ҳара убас иҟақәоу ҳреиуоуп», – иазгәеиҭеит Џьамбулаҭ Хатуов.

Иара убас аиҧылара далахәын акурорт «Гәбаадәы» адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Иана Перепечаева. Уи астудентцәа дрыҧхьеит агәаҕьра аадырҧшырц, акгьы иацәымшәарц.

Иаарласны Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет астудентцәа рыла агәыҧқәа еиҿыркаауеит. «Мантер – Групп» ахаҭарнакцәа урҭ Гәыбаадәыҟа иргоит. Аҿар иддырбоит асасааирҭатә комплекс аҟны иҟоу аҭагылазаашьақәа.

Аиҧылара ашьҭахь астудентцәеи асасцәеи аицәажәара рыман.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me