Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥснытәи аалыҵқәа – аџьармыкьахь

Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа дылҧылеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа реикәыршарала атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рышьақәыргылара азҵаарақәа. Џьопуа иаликааит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рекспорт арҿиара ахырхарҭа хадақәа.

Урҭ иреиуоуп ҳҳәынҭқарра аҟынтәи Урыстәылатәи аџьармыкьахь ацитрустә шәырқәеи ацхеи рнагара.

Аганқәа еицәажәеит ахәаахәҭра амҽхакқәа рыцҵареи убри аганахьала аҭагылазаашьа маншәалақәа раҧҵареи ишрыцхраауа азы.

Беслан Џьопуа иара убас иазгәеиҭеит Аҧсны Аиҳабыра интересс ишрымоу ааглыхреи уҳәа егьырҭ аусхкқәеи рырҿиара аганахьала еицырзеиҧшу апроектқәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me