Азакәан хада иазкны

02 Ԥхынкәын 2022 08:46

Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аиуристтә факультет аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдыркылеижьҭеи 28 шықәса аҵра иазкыз IX Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи аҳәынҭқарра аҿиара ҳаамҭазтәи апроблемақәеи», – иаанацҳауеит ауниверситет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.

Акыр иаҧсоу Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа! Ишәыдыс­ныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!

Ноиабр 21. Аԥсныпресс. Аҧсуа аҵаақәшьқьрааҩ қәыҧш Шорена Гәыниа ақалақь Елец аҧхьахә агараҿы ахҧатәи аҭыҧ аанылкылеит, ақәыҧшцәа 1-тәи рразриад шьақәлырҕәҕәеит, – иаанацҳауеит аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.

Аҧснынтәи ацитрустә шәырқәа Урыстәылаҟа ргара иалагеит ҳазну ашықәс сентиабр 1 азы. Абри аамҭала, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адырраҭарақәа рыла, уахь ииагоуп 2 960 тоннеи 508 килограмм амандаринақәеи. Абри инаваргыланы ииаргахьеит афеихоа 702 тоннеи 869 киллограмм, алимонқәа – 107 тоннеи 670 килограмм, ахәырма – 70 тоннеи 512 киллограмм, араса – 1 587 килограмм.

Урыстәылатәи апремиа «Ашықәс ауарҕанарҳәаҩ – 2022» занашьахаз рыхьӡқәа рҳәеит Калининград. Агәыр-ҕьаратә хҭыс мҩаҧысит Иммануил Кант идгьылбжьахаҿы иҟоу аҭоурыхтә Кафедралтә уахәамаҿы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me