Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амҩақәа рыҽдырҭбаауеит

Ааигәа Аҟәа, «Москва Аҩны» аҟны имҩаҧысит Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәеи аҭыжьҩцәеи  рхаҭарнакцәа  рҧылара.

Аиҧылара иалахәын аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, алитература абзиабаҩцәа. Иҽалаирхәит иара убас Россотрудничество Аҧснытә ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.

Москва ақалақь адәныҟа-економикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент адгыларала, Москва ақалақь Аиҳабыра ахаҵгыларала имҩаҧган ашәҟәтәы цәыргақәҵа «Алитературатә Москва». Арахь иааргеит хышә рҟынӡа еиуеиҧшым ашәҟәқәа, асахьаркыратә литература еиҧш, ахәыҷтәы литература, насгьы архитектура, аҿыханҵа уҳәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа ирыҵанакуа. Ацәыргақәҵа анымҩаҧгахалак ашьҭахь ашәҟәқәа ҳамҭас «Москва аҩны» иазаанрыжьуеит.

Анаҩс аконференц-зал аҟны аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз аиҧылара аартуа «Москва Аҩны» анапхгаҩы Александр Бигәаа еиқәшәаз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит. Иазгәеиҭеит уажәынахысгьы акультуратә ҵакы змоу аусмҩаҧгатәқәа раҧшьгарақәа ишрыцҵахо. Уи нахыс рырҿиамҭақәа ӡырыргеит апоет, апублицист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Нина Попова, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу, Аурыс Пен-Центр иалахәу ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы, арҵаҩы, аҧсихолог Анна Гончарова. Аиқәшәараҿы дықәгылеит, имҩаҧырго аусура инарҭбааны далацәажәеит Урыстәыла акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Урыстәыла ашәҟәҭыжьыҩцәа Рассоциациа анапхгаҩы, ашәҟәҭыжьырҭа «Белыҟ город» аиҳабы Константин Чеченов.

Асасцәа ргәы излаанаго ала, иахьа, имариам аамҭазы ас еиҧш иҟоу аиқәшәара аҭахны ирҧхьаӡеит, избанзар ҳаамҭазы адоуҳатә культура арҿиаразы аимадарақәа акырӡа рыҵаркуеит.

Урыстәыла анҭыҵ сынтәа раҧхьаӡа акәны имҩаҧысит Беларус, уи нахыс Аҧсныҟа иааит. Аҧхьаҟазы аиқәшәарақәа мҩаҧыргараны иҟоуп иара убас Ермантәыла, Ҟазахсҭан уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟны.

Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ишазгәарҭо ала,  ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа, уаанӡеиҧш, хәарҭара рылоуп. Асовет аамҭазы ишьақәгылахьаз атрадициақәа, ҩаҧхьа амҩа рзылхра аимадареи аусеицуреи  рырҿиара иацхраауеит.


В.Ажәанба

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me