Абраҟа иқәыргылоуп Урыстәылан зегьы иреиҳау ауарҕан, - адырраҭара ҟалҵеит ТАСС ашҟа Иана Лутченко, ауахәама апресс-маӡаныҟәгаҩ. «Ҳазну ашықәс азы Урыстәылан арҿиаратә аҧшьгамҭақәа Рфонд ишьақәнарҕәҕәаз «Ашықәс ауарҕанарҳәаҩ апремиа ашҟа инашьҭын Урыстәылатәи арегионқәа рҟнытә 20-ҩык. Ажиури иалахәыз алауреатцәа шьақәдыргылон аноминациақәа ҧшьба рыла», – лҳәеит лара.
Ауарҕанарҳәаҩцәа рыҩнуҵҟа аноминациа «Персона» азыӡырҩцәа рыҩнуҵҟа абжьықәыргара аиуит. Апремиа ианашьан Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, Аҧснытәи афилармониа асолист Лука Гаделиа.