Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт ахыбраҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аҭҵаарадырратә еилазаара 100 шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа. Уи иалахәын ҳҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, анаука знапы алаку абиҧара ҿа, астудентцәа.
Аконференциа аартуа, уи иалатәаз зегьы минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит ҳазну ашықәсаз иҳаҧхаз ҳҵарауаа Шоҭа Салаҟаиа, Цира Габниа, Ермолаи Аџьынџьал, Валентин Ниушков.
Ноиабр 23 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳтәылаҿы аҽеизгара аиҕьтәразы аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара азҵаарақәа ирызкны ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа алархәны аиҧылара мҩаҧигеит.
Аиҧылара иалахәыз аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит ашәарҭадара Ахеилак аҵыхәтәантәи аилатәараҿы ирыдыркылаз аусмҩаҧгатәқәа ирынагӡашьоу атәы.
Ноиабр 29. Аҧсныпресс. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аиҳабыра рнапхгара алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаҧигеит.
Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аиуристтә факультет аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдыркылеижьҭеи 28 шықәса аҵра иазкыз IX Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи аҳәынҭқарра аҿиара ҳаамҭазтәи апроблемақәеи», – иаанацҳауеит ауниверситет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.
Акыр иаҧсоу Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа! Ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!