Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»
Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Тҟәарчал ахаҿра арԥшӡара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Аргыларатә еилазаара анапхгаҩы Рауль Шамугиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Тҟәарчал ақалақь имҩаԥысуа аусурақәа ртәы еиҭеиҳәеит. «Аалӡга аӡиас ихыу ацҳа аҩганк рыла – асветофор аҟынтәи еиԥгалоу амҩанӡа ахаҳәцәы ала иаҳчаԥоит. Иара убас, Тҟәарчал апарк хада аҭеиҭыԥш рҽеин. Апарктә мҩахәасҭақәа хаҳәцәыла иаҳчаԥеит, ахәыҷтәы хәмарырҭеи аԥқьаҭмпыл асырҭеи ҳаргылеит, иара убас арлашага ҿыцқәа шьақәҳаргылеит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Аахыҵ-Уаԥстәыла ихыркәшахеит Аԥсны акультура Амшқәа. Акультура Амшқәа рхыркәшара Ацеремониа мҩаԥысуан К. Хетагуров ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсныпресс. Аҟәа араионтә Еизара адепутатцәа араион аофициалтә герб шьақәдырӷәӷәеит. Агерб автор – аилатәара ахь ааԥхьара зырҭаз асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьопуа.
Март мза 30 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы имҩаҧысит аестрада ашәаҳәаҩцәа қәыҧшцәа злахәыз аицлабра «Аҿар рыбжьы».
Ҳара ҳиҿцәажәеит уи аиҿкааҩ, шықәсы рацәала ҳажәлар рҟазара, ҳҿар рылааӡара иашьҭоу, еиҵагыло абиҧарақәа рҟыбаҩ ҷыда еихазҳауа Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы Нури Еремеи-иҧа Кәарҷиа.
Ааигәа ахәыҷбаҳча «Аҟармаҵыс» аҟны имҩаҧган иаарту ақалақьтә зыҟаҵара, уи азкын аиҳабыратә гәыҧ злахәыз «Амҩаҿ аҧҟарақәа» деилыркаара.
Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» иҭнажьуа хә-хкык аҩқәа Жәларбжьаратәи аконкурс аҿы ахьтәы медалқәа ранашьахеит.
1937-тәи ашықәсқәа рзы имҩаҧысуаз арепрессиа аамҭа хьамҭақәа зегь реиҳа ааха знаҭаз аҧсуа жәлар ҳауп.
Аушьҭрагәаҭаратә ҭыԥ аҟны амашьына агәаҭараан ирыԥшааит, иагьрымырхит аполиетилентә еилаҳәарақәа. Урҭ иргәылан аххыраԥшра змоу амаҭәашьарқәа. Иара убас ирыԥшааит 4 ҭрак ирҭаз (40 цыра) «нейронтин» ҳәа изышьҭоу ахәшә. Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалтә центр адырранҵала, ирымхыз, зыкапан – 0,617 гр. рҟынӡа инаӡо амаҭәашьар «героин» ҳәа изышьҭоу наркотикатә хархәагоуп. 4 ҭрак ирҭаз «нейронтин» ҳәа изышьҭоу, зеилазаараҿы аиҳарак «габапентин» ала ишьақәгылоу ахәшә ауп. Иарбоу афакт ала ашьаусеилыргара хацыркхоит, уи азы иҵегь адырраҭара ҟаҵахоит ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аофициалтә саит.
Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь аҿы иҭыҵуа алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатәи журнал «Литературная Кабардино-Балкария» адаҟьақәа ирнылеит аԥсуа поет, апрозаик Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа «Ануаа-рхәы», «Аԥсадгьыл акоуп». Арҭ ажәабжьқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра атема иазкуп. Ажәабжьқәа еиҭеигеит ажурналист, ашәҟәыҩҩ, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор хада Витали Шариа.
Август мза 14 азы ақырҭуа фашистцәа рыр Аҧсны ианалала раҧхьа ахымца иадыргаз аҧсуа қыҭақәа ируакуп Тамшь ақыҭа.
Абри ақыҭаҿы ауп дахьиз, ақырҭуа ар рмагәшьхәа иадыргаанӡа дахьынхоз аҧсуа шәҟәыҩҩцәа абыргцәа рабиҧара иаҵанакуа Нури Бараҭелиа. Уи иблала ибеит аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны аҧсуа жәлари егьырҭ иақырҭуам амилаҭқәа рхаҭарнакцәеи ргәырҽанӡамкәа изыниаз арыцҳара. Ирхырго агәаҟрақәеи азалымдарақәеи иахьагьы ибла иабоит… Убри азоуп ари абырг ааигәа иаҳзааишьҭыз иҩымҭақәа рҿы игәыҭшьаагоу ахҭысқәа дызрылацәажәо.
Ишаҳдыруа еиҧш, Аҧсны ахыи-аҵыхәеи, уи анҭыҵи иззымдыруа, измаҳац дыҟам, Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» аӡбахә. Аха аҧсуа ажәаҧҟаҿы ишаҳәо еиҧш: «Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом». Убас, ансамбль аҭоурых сагәылалаанӡа, иааркьаҿны иазгәасҭарц сҭахуп, уи аиҿкаара шыҟалаз.
Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара, аиҳарак аԥсҭбарақәеи ааха ӷәӷәақәа риуреи зцу амҩатә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара армаҷра аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусураҿы ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп. Убри аҟнытә, ҷыдала ахылаԥшра аҭоуп. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа ақалақьтә араионтәи аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи аинспекторцәеи алархәны имҩаԥигаз аилатәараҿы абри атәы азгәеиҭеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.