Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Харитон Агрба аиааира игеит

Аԥсныпресс. Харитон Агрба атехникатә нокаут ала Узбекисҭантәи аспортсмен Мирзакамол Нематов дииааит ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аиндаҭлара мшаԥымза 28 рзы Ҭаџьыкьысҭан аҳҭнықалақь Душанбе имҩаԥысит. 63,5 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара 8 раунд рыла иҟаз аиндаҭлара аԥшьбатәи араунд аҿы ҳџьынџьуаҩ иигаз аиааирала ихыркәшахеит.

Харитон Агрба изы апрофессионалтә ринг аҿы ари 12-тәи иааироуп. Харитон Агрба – жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, абокс азы адунеи Ахраҿа араӡнытә аԥхьахәгаҩ, Европатәи ахәмаррақәа араӡнытә аԥхьахәгаҩы, Урыстәыла ачемпионатқәа ҩынтәтәи аԥхьахәгаҩы, астудентцәа рыбжьара абокс азы адунеи ҩынтәтәи ачемпион, WBA Fedecaribe, WBA Continental, IBF European, Евразиатәи абокстә апарламент атитулқәа змоу, «Интерконтинентальный кубок» ҳәа аҳамҭа манашьоуп.

Харитон Агрба 2019 шықәса инаркны 12 еиндаҭлара мҩаԥигеит, урҭ зегьы рҿы аиааирақәа игеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me