Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адныҳәаларақәа

Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира 78 шықәса ахыҵра рыдниныҳәалеит.

«Ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи хаҵарала рыжәҩахыр неидҵаны, ԥхьаӡашьа змам ацәыӡқәа шроузгьы, анацисттә мпыҵахалаҩцәа ԥыхааса иқәырҵеит, ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аҭынчреи ахақәиҭреи рыхьчеит.

Агәра ганы сыҟоуп, Аиааира Дуӡӡа азеиԥштә доуҳатә ҭынха ҳаԥхьаҟагьы аидгылареи стратегиала аиҩызареи рганахьала Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ҳаԥхьаҟагьы иацхраауеит», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.

Владимир Путин Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи атыл ахандеиҩцәеи гәык-ԥсыкала ҭабуп ҳәа шреиҳәауа, агәабзиара қьиа, агәамч, ашықәсрацәа шырзеиӷьишьауа атәы реиҳәарц аҳәара ҟаиҵеит.


Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аслан Бжьаниа Аиааира Амш идиныҳәалеит. Ахәҭакахьала, уаҟа иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәыдысныҳәалоит Аԥсни Урыстәылеи иаҳзеиԥшу аныҳәаԥшьа – Аиааира Дуӡӡа 78-тәи ашықәсхыҵра!

Абри амш шьахә аҽны ҳаҭыр ақәаҳҵоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҟны хамеигӡарыла еибашьуаз, атыл аҟны аус зуаз, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан атәыла еиҭашьақәзыргылоз рфырхаҵара ду.

Агәра ганы сыҟоуп, фырхаҵарыла иаҳхаагахьоу аамҭақәа уасхыр ӷәӷәаны ишыҟалауа Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырҿиаразы».

Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Аслан Гьаргь-иԥа иахь аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны инхо аветеранцәа зегьы иара ихьӡала ҭабуп ҳәа шреиҳәауа атәы рлымҳа аҟынӡа инеигарц.


Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Аиааира Дуӡӡа 78 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит. Уаҟа, хәҭакахьала, иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Гәык-ԥсыкала Шәареи Урыстәыла ажәлар зегьи ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира 78 шықәа ахыҵра!

Абри амш адунеи аҭоурых ианылеит анемец-фашисттә мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы асовет солдаҭцәа аиааира аныргаз иамшны.

Иахьа ҷыдала ҳаҭыр ақәаҳҵоит асоветтә солдаҭцәеи атыл ахандеиҩцәеи рфырхаҵара. Асовет жәлар ракзаара, иаҳзеиԥшыз аԥсадгьыл ахьчара афашизм ԥыхааса иқәырҵеит, адунеи ахуура иацәырыхьчеит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира ҳҳәынҭқаррақәа рзеиԥш ҭоурых аҟны аидгылареи акзаареи рзы ҿырԥштәы бзиаӡоуп.

Ахақәиҭразы ҳфырхацәа ирылдыршаз, рхы ишамеигӡаз агәалашәара еиднакылоит еиҩызцәоу ҳажәларқәа ԥгара зқәым реимадарақәа.

Ҳарҭ зегьы ҳзы иԥшьоу абри амш аҽны азин сышәҭ Шәара, Владимир Владимир-иԥа, Аџьынџьтәыла аизҳазыӷьара иазку шәҭакԥхықәратә усураҿы ақәҿиарақәа, агәабзиара».


Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аиааира амшныҳәа. Уаҟа иазгәаҭоуп:

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Аԥсны ҳаҭыр зқәу атәылауаа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира.

Ҳара иазгәаҳҭоит Аиааира Дуӡӡа 78 шықәса ахыҵра, иаҳгәалаҳаршәоит анацизм аидеологиа рылахь иаԥыракны ажәларқәа анықәырхуаз аамҭа. Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы ракзаара, рфырхаҵара, рхамеигӡара ирыбзоураны абри аибашьра хлымӡаах аҵыхәа ԥырҵәеит, ауаатәыҩса ахақәиҭра рзааргеит.

Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит аӷа шьҭахьҟа дыԥхазырсыз, анацизм аҿкы чымазара аҟнытә Асовет Еидгылеи Европеи рыжәларқәа рхы иақәиҭызтәыз аибашьцәа. Абри ақәԥараҿы зегьы инараҟараны рхаладырхәит Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи. 55 нызқьҩык инареиҳаны ҳџьынџьуаа еибашьуан, ирыхьчон рыҩны, рыԥсадгьыл, рсоветтә тәыла ду. Урҭ ргәалашәара ҳаҭыр ақәаҳҵоит.

Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Шәара ҩ-еибашьрак шәхыжәгеит, 78 шықәса аниас шәара ишәбоит шәџьабаа шбашамхаз – шәара шәҭаацәарагьы, ҳажәлар зегьы рыдгьыл гәакьаҿы ҽаԥсатәрала инхоитинҵуеит, ампыҵахалаҩцәа рымаҵ руам, ҳаԥхьаҟазы агәҭак бзиа­қәа рымоуп. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Аԥсны шәыхьчеит. Шәара шәҿырԥшы ҳажәлар аиааирахь ргәы арӷәӷәон. Шәара шәыла агәадура ҳамоуп.

Ҳара ҩаԥхьа ҳаӡәыкзароуп, ҳара ҳҩызцәеи ҳадгылаҩцәеи аизыҟазаашьа бзиақәа иҳамоу еиқәҳархароуп. Акзаара, аҳаҭыреиқәҵара, Аиааира Дуӡӡа агәалашәара еиқәырхауа, ҳара иҳалшоит акыр абиԥарақәа рыгәҭакқәа рынагӡара, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ишәҭыкакаҷуа, еинҭәылоу аҳәынҭқарра аргылара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me