Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ԥсра зқәым архәҭа

Аиааира Дуӡӡа 78 шықәса ахыҵра иазкыз «Ԥсра зқәым архәҭа» акциа мҩаԥысит маи 9 аҽны. Уи иалахәыз еизеит Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭаҿы. Аԥсны Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотови Аԥсны Афырхаҵа, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиеи аԥхьа инаргыланы, акциа иалахәыз рҿынархеит Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәала. Урҭ ааҭгылеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Светлана Давид-иԥҳа Ҟәрасқәуа иазгәалҭеит лара ишылку лаб Даҭикәа Ҟәрасқәуа ипатреҭ.

«Уи аибашьра зегьы дагәылсит, ианашьоуп «Аеҵәа ҟаԥшь» аорденқәа ҩба, «Севастополь ахьчаразы» амедал. 1945 шықәса маи азы Аиааира ашьҭахь, Мрагыларанаскьатәи арратә округ ахь иԥхьеит, авиациаҿы амаҵзура дахысуан, аполк напхгара аиҭон. Сара саб армаҭәа шишәыц ишәын, ԥхьатәара дцаанӡа. Убри ашьҭахь аус иуан Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс. Иԥсҭазаара далҵит 1973 шықәсазы» – иазгәалҭеит лара.

Валентина Николаи-иԥҳа лаб Рогожин Николаи Дмитри-иԥа иӡбахә далацәажәеит. «Уи диит 1923 шықәсазы. 1941 шықәса маи азы 18 шықәса ихыҵит. Дԥырҩхар иҭахын, аха уи дҭамлеит, иблақәа алашара ахьрыгыз аҟынтә. Иара убри ашықәс сентиабр азы атанкистцәа ркурсқәа дрылгеит, афронт дақәшәеит. Еибашьра дцеит, зныкымкәа дырхәхьан. Берлинынӡа днаӡеит. Иԥсҭазаара далҵит 1988 шықәсазы», – лҳәеит лара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me