Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа

Маи 2 рзы Аҧсны асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵатә зал маҷ аҿы имҩаҧысит асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аграфика азҟаза Адгәыр Амҧар инапкымҭақәа рцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа еиднакылон 30 инареиҳаны аҭыхымҭақәа.

Асахьаҭыхҩы Адгәыр Амҧар дазҟазоуп аҧшшәи аформеи реилаӡҩара, саркьаҵас аш ианыҧшуа афигурақәа ирну асахьақәа угәаладыршәоит урҭ рсимволқәа акалашәа еибыҭоуп аҧшшәы рацәа змоу аџьоуҳар иналаӡ ицоит.

Убас, ашқәа геометриала ишәоуизоу  рыҧштәы  политраҟны ҳала иаахгылоит ауаа рфигурақәа, ихту аҭыҧҳацәа, амифтә персонажцәа, асимволтә дыргақәа  ратрибутқәа. Асахьақәа рыгәҭатәи ахәҭақәа  асахьаҭыхҩы еиҳа иаликаауеит аҧштәы еиужьрақәеи, аобиектқәеи, атрибутқәеи рыла. Убри аан ахәаҧшҩы илаҧш еиуыжьрак аҟнытә даҽакахьы ииаигоит, есааира ихадароу аҟны иҽеизикырц азы. Знык ицәыригаз аҟны даанымгылакәа, ииҧшааз ахаҿсахьа еиҭа цәыригоит, уи  аҧшӡара гәылиршәоит, ицәуеит, игәы ахшәаӡом.

Ахаҿсахьақәа зегьы – изҵоу аидара иарааҧсаны инатәаз кариатидақәа роума, мамзаргьы зҽыхтра иааираны изшьо аҳәса роума, имҩаҧысуа зегьы шаҳаҭс ирымоушәа иаарҧшу џьоукы рҿынҧшыларақәа, мифтә хаҿсахьаны зҽеиҭазкыз ажьа шәыргәында, абжауаҩы – абжаҧстәы, мамзаргьы арыцқәа гәылнаршәшәома уҳәаратәы, иҟалаз амыҵмыџь ҟаҧшьы уаркалеиуа, ари естетикла иӡбаны иалагалоу дыргоуп, иаразнакгьы дҵакы ухахьы имааиуа.

«Ахәмарра-ахыҧҽыга апазлҵас иаатуеит ахаҿсахьа, аҽеиҭакреи – аметамарфозеи еицыланы имҩаҧысуа ахәмаррала. Убас, ажьымжәа ухшыҩ азышьҭны уахәаҧшуа уҿааухар, иҟалараны иҟоу ацәгьоура зныҧшуа абомба ацәаара анубаалоит. Азныказы, зҽеиужьны игылоу ахаҵа ихәамц акәушәа иубо, ишәарҭоу абаллистикатә ракетаны аҽааиҭанакуеит. Ашәымҭак азы аҳауа иалакнаҳау ихырбгалоу обиектк аҧҽыхақәа, адокументалтә фильм аҟнытә иаагоу  ишьхныҧсылаз кадруп уҳәап, ииасыз аҧшӡара архынҳәразы еиҭа шьҭахьҟа иургьежьыр зуа». Абас ҳаҧхьоит ацәыргақәҵаҿ аҟазараҭҵааҩы Ирма Гәыблиа – Зеграт иҟалҵаз ахҳәаа. Ирацәоуп ари алкаа ахәаҧшҩы инаҭо, уи ахәаҧшҩы дааргьежьны, ҿыц дышьҭрақәланы аҭыхымҭақәа рышҟа деиҭагоит. Убарҭ аҭыхымҭақәа иреиуоуп: «Ажьа злахәу ахҭыс», «Бареи сареи ҳаҧхыӡ», «Ахәыцрақәа рыла ахаҭәаара».

Ацәыргақәҵаҿы ажәа ҧхақәа рҳәеит ацәыргақәҵатә зал аиҳабы Ельвира Арсалиа, асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа.

Зҵакы ҵаулоу ацәыргақәҵа автор Адгәыр Амҧар аҭааҩцәа ҭабуп ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит иҟарҵаз азҿлымҳара акрыз­ҵазкуа стимулк ишизаҩзоу.

Ацәыргақәҵа збарц зҭаху ишәылшоит шәаҭаарц Аҧсны асахьаҭыхҩцәа рцәырга­қәҵатә зал маи мза 12 рзынӡа.


Наира Санцба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me