Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Наунагӡа жәлар ргәалашәараҿы

Маи 14 – иналукааӡаша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 78 шықәса.

Аԥсны анапхгара Ешыра иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Уи игәалашәара ҳаҭыр ақәырҵарц уахь инеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, атәыла ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит 1945 шықәса маи 14 азы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Абра имҩаԥысит уи ихәыҷра, ишколшықәсқәа.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба – асоветтә, аԥсуа аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, СССР жәлар рдепутат, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада – ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы.

Владислав Арӡынба – Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны иналукааӡаша хаҭароуп. Гәыҩбара аҵам аибашьраан атәыла зықәшәаз аҭагылазаашьа уадаҩӡа аҟнытә Аԥсны алгара имч шақәхаз, иара иоуп изылшаз раԥхьатәи аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара амҩа ашҟа Аԥсны акылгара.

Иуадаҩыз аамҭақәа раан, 1990 ш. декабр азы, уи Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далхын. Хықәкысгьы имаз ахатәҳәаақәҵаразы аԥсуа жәлар рзинқәа инеишьҭаргыланы рынагӡара акәын, ақырҭуа шовинистцәа ақәымчра ду шыҟарҵозгьы.

Хашҭшьас ирымоузеи СССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәарақәа раан уи аҿаца-ҿаца ҳәа, апрограмматә ҟазшьа змаз иқәгыларақәа. Уи иажәақәа рыла Аԥсны мацара акәымкәа, Асовет Еидгыла азбжарак аҟны бзиа деицырбеит.

Уи инапхгарала Аԥсны жәлар 1992-1993 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра аан аиааира ргеит. Убасҟантәи аамҭаз дыҟамзар ҟаларын даҽаӡәы, Владислав Григори-иԥа иааирԥшыз афырхаҵара аҟаҵара зылшоз. Адәахьала уахьихәаԥшуаз дҭынчын, аҽынкылара илан, аха уи инарҵауланы хьаас иман аибашьра иамҽхакыз Ҳаԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуаз зегьы, игәаҵахь инеигон аибашьраҿы зԥацәа, згәакьацәа зцәыӡуаз аҭаацәарақәа рхьаа, ргәырҩа. Абас ишыҟазгьы, уи дацәхьаҵуамызт ихықәкы хада – аӷа иаҵархара, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә Аԥсны ахақәиҭра.

Хашҭшьас иамоузеи 1992 шықәса сентиабр азы ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҭышәныртәаларазы Москватәи аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра! Владислав Григори-иԥа, иуҳәар ауеит, инапқәа дырҵәиуан, аха ари ауаҩ илшеит Аԥсны иазеиӷьны аусқәа реиҿкаара, усҟантәи Урыстәыла анапхгара даара ишиқәыӷәӷәозгьы. Иара ибзоураны аиқәышаҳаҭра ианыхын аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан Аԥсны ацхра­аразы иааз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рықәыӡбара иазкыз ахәҭа.

Владислав иеиԥш иҟаз ауаҩ ду 1993 шықәса марттәи ажәылара ибӷа азԥымҵәеит. Ишдыру еиԥш, ари ажәылараан ҳармчқәа ацәыӡ дуқәа роуит. Уаҩы игәы иаанагар ауан имҩаԥысуаз ахҭысқәа рычҳаразы, рхыгаразы мчык изнымхеит ҳәа. Аха Владислав ажәлар идгылон, агәра ргон атәыла кылигарц ахьиҭахыз ахықәкқәа риашара.

1994 ш. ноиабр 26 азы В.Г.Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас далхын. 1999 шықәса октиабр азы, алхрақәа раан, ҩаԥхьа уи Аԥсны Ахадас деиҭалхын.

Аполитика дшаҽызгьы, уи дҵарауаҩны дшыҟац дыҟан. Иааиԥмырҟьаӡакәа ихы аус адиулон, зегьы интересс иман. Аԥсны иаауаницон еиуеиԥшымыз аекспертцәа, жәларбжьаратәи абжьацәажәаҩцәа, аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа маҷҩымкәа. Владислав Арӡынба ихымҩаԥгашьа, ицәажәашьа урҭ агәахәара бзиа рзыннажьуан.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба – апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иашаҵәҟька, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара, хыԥхьаӡара рацәала аҳәаанырцәтәи аҳамҭақәа занаршьахьаз.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me