Жәибжь нызқьи хәышәҩык Аҧсны арҧарцәеи, аҭыҧҳацәеи азеиҧш ҧсадгьыл ахақәиҭтәраз иҭахеит. Иахьагьы ирацәаҩуп зыжырҭа рзымдыруа ибжьаӡӡаз ҳҵеицәа. Ҳара ҳлабадырит Аиааира Ду аламҭалаз забду ихабар еилызкааз аибашьҩы-афырхаҵа, Польша ҧсыжырҭас изауз Лад Ҧыда-иҧа Миқаиа, имаҭа Рузана Миқаиа. Шықәсқәак раҧхьа, Рузана лдырҩык, Урыстәыла инхоз, архив аҟны аус зуаз длыҳәеит лабду ихабарк лзеилкаауазар ҳәа, уи иагьыналыгӡеит. Лаб, Асҭамыр Миқаиа илеиҳәахьаз ада лабду изкны акгьы змаҳацыз Рузана илзаарышьҭит лабду, Миқаиа Лад Ҧыда-иҧа Арҟаҧшьаа иреиуоу, 136-тәи ацҳаргыларатә баталион иалахәыз иеибашьратә мҩа атәы зҳәо ашәҟәы бҕьыц.
Лад Миқаиа диит, дааӡеит Кәтол ақыҭа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз иара ихыҵуан 32 шықәса, дҭаацәаран, хәҩык ахәыҷқәа драбын. Иҧшәма ҧҳәыс Амҷба Ӡакәа Баса-иҧҳа хәҩык ахшара ахацәарҧар ааӡатәыс иналызныжьны дцеит аибашьра. Уи илыллыршеит хәҩык ахшара рааӡара, ршьапы рықәыргылара.
Рузана лабду дшылзымдыруазгьы, ихабарк аилкаара ахьлылшаз акырӡа аҵанакуеит. Ахьаа ду зцу, уи иаарышьҭыз ашәҟәы абас ануп.
«Лад Ҧыда иҧа Миқаиа дрылахәын Бриансктәи, Белоруссиатәи актәи афронтқәа.
Арҟаҧшьаа дрылоуп октиабр мза 1941 шықәса инаркны».
Аибашьраҿы зда ҧсыхәа амамыз ацҳа аӡиас Пилица ианхырҵоз, ианвар 17, 1945 шықәсазы иара ихы ааирҧшит зхы-зыҧсы иамеигӡо фырхаҵа ҕьеҩны. Иара ф-сааҭк изыхҵаалаз аӡы дҭагыланы идыз адҵа анагӡара илиршеит. Убра иааирҧшыз ахамеигӡараз ианашьан Аџьынџьтәылатә Еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡара. Лад Ҧыда-иҧа Миқаиа дҭахеит Аиааираҟынӡа мызкы шагыз (илахьынҵа ус ианызар акәхарын), еибашьрала днаӡеит Берлинынӡа.
Агәымшәара аазырҧшыз Аҧсны аҵеи, афырхаҵа Лад Ҧыда-иҧа Миқаиа анышә дамадоуп Польша, Асовет ар рыҧсыжырҭақәа рҿы.
Афырхаҵара адацқәа хараӡаны инаӡоит, уи еснагь аҧсы ҭоуп, абиҧарақәа еимырдалоит. Рҿаҧхьа ҳхырхәоит ахақәиҭра ҳзаазгаз ирызку ажәабжь ҳзаазыртуа аҭынхацәа, аҩызцәа, аҧшааҩцәа. Иага шықәса рацәа царгьы, ҳара иаҳуалҧшьоуп аибашьра Ду иалаӡыз ҳҵеицәа гәымшәақәа рыхьӡқәа ргәаларшәара. Шәыхьӡ адунеи иақәлахааит Аҧсны ахьӡ ҭызгаз Афырхацәа!
Наира Сабекиа