Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Афорум Аԥснытәи аҳақьымцәа ирыцны рхы аладырхәит Урыстәылатәи аспециалистцәагьы -академикцәа, аҳақьымцәа, амедицинатә наукақәа ркандидатцәа. Афорум алахәылацәа рахь Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба. «І Аԥснытәи амедицинатә форум еиднакылаз зегьы ишәыдысныҳәалоит ҳҳәынҭқарразы аҵак ду змоу ахҭыс. Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны аԥсҭазааразы, аԥсшьаразы, агәабзиара аиҭашьақәыргыларазы иреиӷьу аҭыԥқәа иреиуоуп. Ара имҩаԥган ақәранҵыра ду афеномен аҭҵаара, иалыршан акурорт-гәабзиарачаԥарҭатә инфраструктура аҿиара . Акырџьара ари аҭынха ду аиқәырхарагьы ҳалҳаршеит. Имҩаԥысуа І Аԥснытәи амедицинатә форум апрограммаҟны иақәнагоу аҭыԥ ааныркылоит агәабзиара аиҭашьақәыргылара, асанаториа-курорттә ҿиара, ауааԥсыра ргәабзиара аиҷаҳара. Абри зегьы алыршан, иналукааша Урыстәылатәи аҭҵаарадырратәи амедицинатәи усбарҭақәеи аколлектиқәеи ралахәрала».
Очамчыра араион Акәасқьатәи абжьаратәи ашкол аклассқәа руак иахҵоуп Леон иорден занашьоу Валери Берхамов ихьӡ. Валери Берхамов хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра дааит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика ақалақь Бақсан аҟынтәи. Иара ихыҵуаз жәаф шықәса ракәын. Афырхаҵа дҭахеит марттәи ажәылараан.
Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум аҽалархәразы арахь иааз Урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа алахәылацәеи аҳҭны-қалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара аилатәарақәа рзал аҟны имҩаҧган аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҧсуа ҵарауаа аус здырулоз аҭыжьымҭа ду «Аҧсны. Иаазыркьаҿу аенциклопедиа, 2-томкны» (урысшәала) аӡыргара. Аҭыжьымҭа аус адырулон аҭҵаарадырратә Центр «Аҧсуа енциклопедиа» амаҵ азызуа.
Ашәҟәы аиҧшз еиҧшу ирышьашәаланы еиқәыршәоуп, еиднакылоит, иамҽханакуеит Аҧсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳазҭагылоу аамҭазынӡа иаҵанакуа аазырҧшуа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа, ауаажәларра-политикатә шьақәгылашьа инаркны, акультура, аҟазара, алитература, афольклор, агеографиа, аҭоурых, аекономика, адин, афлореи афаунеи, архитектура, аспорт уҳәа.
Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа иаҵанакуа ашколқәа рҟнытә ашколхәыҷқәа злахәыз азҿлымҳара бзиа зауз аусмҩаҧгатә еиҿкаан Н.А. Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи абжьаратәи Ашьхарыуаа ршкол аҟны.
Зиубилеиқәа ыҟоу аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рыҧсҭазаареи рырҿиамҭақәеи рыла «Аҧсуа литература аҧсы ҭоуп» ахьӡны ашколқәа рыбжьара имҩаҧган аицлабра. Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы А. Ҭаркьыл-ҧҳа лзеиҧш напхгарала еиҿыркааз апроект ҷыдала аус адылулон аҵара аусбарҭа аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы азанааҭдырҩы хада Н. Ломиа-ҧҳа.
Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҟны Риҵатәи Амилаҭтә парк аҭаларазы абилеҭқәеи Ареспубликатә унитартә наплакы «Г.Ш.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс» ахь аекскурсиатә билеҭқәеи рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәаланы, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭҵаара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара аартуа, акомиссиа ахантәаҩы, Жәлар Реизара адепутат Асҭамыр Гьерхьелиа, иахьа Риҵатәи Амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәалоу азҵаарақәеи, иарбоу атуристтә обиектқәа 2022 шықәсазы русура аихшьаалақәеи, иҟоу апроблемақәеи, урҭ рыӡбаразы иҟаҵоуи ирылацәажәахоит ҳәа азгәеиҭеит.