Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәабжьқәа

Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭ­қарра Ахада Аслан Бжьаниа Лыхны ақы­ҭаҟны макьаназы ишьақәыргылам ахаҿқәа ахәым­гара ахьыҟарҵаз аҭыԥ даҭааит. Мша­ԥымза 5 рзы ацәгьо­уцәа аҭоу­рыхтә ҵакы змоу аҭыԥаҟны игылоу шәы­шықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла ԥырҟеит. Лых­нашҭа иаҵа­накуа ари аҵла Аԥсны аҭоурых-культуратә, аԥсабаратә ҭынха иасим­волны иҟоуп. Аҳәынҭ­қарра Ахада ицны ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭы­ԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра азинхьчаратә усбарҭақәа рнапх­гаҩцәа – Аҳәынҭ­қарратә Шәар­ҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Апрокурор хада Адгәыр Агрба, аҩнуҵ­ҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, араионтә милициа аиҳабы Зосма Гыцба.

Лыхнашҭа – ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаҧсадгьыл агәеисырҭа, агәа­цаҧха! Аҧсуа дзырҿыхо, дзыр­хәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызго, дхьа­зырҧшуа ашҭа-ҧшӡа! Аҧсуа иџьынџьыз, иҧсад­гьылаз ашьа зқәыршу!

Лыхнашҭа – ари ажәа аҧсуаа зегьы ҳзы иҧшьоу ажәоуп. Агәырҕ­ьаратә, афырхаҵаратә ашәақәа зҭыҩҩуаз ари ашҭа иахьа алахь еиқәуп.

Мшаԥымза 6. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.

Афымцамч аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәа­жәара иазкын атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имҩаԥигаз аусуратә еилатәара ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара Ҳақалақь» алахәылацәа рпресс-конференциа мҩаԥысит. Активистцәа ақалақь аҿиара, зинда аргылара, аҳҭны-қалақь аҭоурыхтә хәҭа иахьаҵанакуа ҿыц иргылахо аобиектқәа реихагылара уҳәа ирыдҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит. Хықәкыла ажәалагалақәагьы ҟаҵан.

«Арратә уалԥшьазы» 2014 шықәса маи 6 азы, «Атәылахьчаразы» 2006 шықәса ианвар 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа рышьаҭала, «Аԥсны атәылауаа 2023 шықәса апрели ииуни рзы аррамаҵзурахь рнаԥхьаразы, аррамаҵзура иахысуа атәылауаа рхы рақәиҭтәразы» 2023 шықәса март 22 азы Аԥсны Ахада Иусԥҟа анагӡаразы:

Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аконкурс «Ҳара анарко­тикқәа ҳарҿа­гылоит» аҟны аиааира згаз аҳамҭақәа ранеи­шьеит. Аицлаб­рақәа ирылахәын Гәылрыԥшь, Гал араионқәа, Очамчыра, Тҟәарчал ақалақьқәа рҟынтәи абжьа­ратәи ашколқәа рҵаҩцәа. «Акон­курсқәа еиҿкаахеит ашкол­хәыҷқәа рзинтә дыррақәа рышьа­қә­гылара, иара убас ақәыԥшцәа рыбжьара анаркотикатә маҭәа­шьарқәа рыдкылара аганахьала анегативтә зыҟазаара рыла­аӡара аҿар рыбжьара агәабзиара, еиҷаҳарыла азнеира хықәкыс иҟаҵаны», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩнуҵ­ҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Ӡиӡариа Оҭар Платон-иҧа (Ӡари-иҧа) имонографиақәеи истатиақәеи реизга «Аматериалқәа аҧсуа-адыга бызшәақәа рлексикологиеи азеиҧш бызшәадырреи рзы» зыхьӡу, аҧсуа-адыга бызшәақәа рыҭҵаарадырраҿы акырӡа зҵазкуа, шықәсы рацәала еидкылоу, бызшәадыррала иҭҵаау, ҭоурыхла ишьа­қәыр­ҕәҕәоу аусумҭақәа реизгоуп.

Аԥсныпресс. Гагра ақалақь асанитар-епидемиологиатә станциа ахыбра актәи аихагылаҿы шьаҭан­кылатәи аиҭашьақәы­ргылара хыркәшахеит. Гагра араион Ахадара иазоу­­нажьит 20 млн. мааҭ инарзынаԥшуа, – ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагратәи ателе­хәаԥшра.

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭ­қарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба ашьапылампылтә Клуб «Зенит» адиректор хада иха­ҭыԥуаҩ, анагӡаратә директор Максим Пого­релови ашьапы­лампылтә Клуб «Зенит» азыҟа­ҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара ацентр адиректор Сергеи Морозови дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭ­қарратә еилакы аофи­циалтә саит.

Абарҭ амшқәа, Аԥсныпресс рзы Аҟәа ақалақь аҟны иаатит астолтә ԥкьаҭмпыл азы аклубтә чемпионат I атур.

Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Тҟәарчал ахаҿра арԥшӡара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Аргыларатә еилазаара анапхгаҩы Рауль Шамугиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Тҟәарчал ақалақь имҩа­ԥысуа аусурақәа ртәы еиҭеи­ҳәеит. «Аалӡга аӡиас ихыу ацҳа аҩганк рыла – асветофор аҟынтәи еиԥгалоу амҩанӡа ахаҳәцәы ала иаҳчаԥоит. Иара убас, Тҟәарчал апарк хада аҭеиҭыԥш рҽеин. Апарктә мҩахәа­сҭақәа хаҳәцәыла иаҳчаԥеит, ахәыҷтәы хәмарырҭеи аԥқьаҭмпыл асырҭеи ҳаргылеит, иара убас арлашага ҿыцқәа шьақәҳа­ргылеит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me