Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәабжьқәа

Хәажәкырамза 21, Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак аҿы имҩаԥысит Урыстәыла ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи реиԥылара. Аиԥылараҿы жәларбжьаратәи амилаҭтәи ашәарҭадара иадҳәалоу, актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас азҵаарақәа жәпакы рыла Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҳәаақәа рырҭбаара аперспективақәа ирзааҭгылеит. Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ, аинформациатә шәарҭадара аганахьала жәларбжьаратәи аусеицуразы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак ҷыда Алхас Барзаниа.

Аԥсныпресс. Аԥсны аихамҩа аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа аныҟәара иалагоит аконтеинертә дәыӷбақәа.  Абри азы абрифинг аҿы адырра ҟаиҵеит Аԥснытәи аихамҩа аиҳабы ицхырааҩ  Оқтаи  Хазириши. Уи аполитикатә дгылара ада ас еиԥш акрызҵазкуа апроект анагӡра залыршахомызт ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иарбоу азҵаараҿы акыр ацхыраара ҟаиҵеит. Актәи адәыӷба адәықәлара аламҭалазы уи хаҭала иаарту ақционертә еилазаара «Урыстәыла Аихамҩақәа»  адиректор Хада  Олег Белозиоров иҽимидеит, иарбоу апроект анагӡара иадҳәаланы ицәырҵуаз иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара ҟаиҵеит», – ҳәа иҳәеит Октаи Хазириши.

Аԥсны Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц инагӡаны ишьақәыргылахеит. Жәабранмза 20, 2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟала Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәас ишьақәырӷәӷәахеит: Адлеиба Асҭамыр, Ашба Роберт, Гериа Роман, Џьынџьал Сократ, Кьычба Гәыли, Лолуа Лиудмила, Ломиа Оҭар, Миносиан Вараздат, Осиа Леонид,  Ԥлиа Давид,  Ԥиԥиа Ҭемыр,  Страничкин Алеқсандр, Хапат Низам.

Хәажәкырамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2023 шықәса мшаԥымза-рашәа­рамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьареи анаԥхьара инақәы­ршәаны аррамаҵзура иахысуаз рхы рақәиҭтәреи рзы. 2023 шықәа мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30-нӡа Аԥсны имҩаԥысуеит 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 27 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ԥхьатәара иҟам, аррамаҵзурахь анаԥхьара иаҵанакуа атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьара.

Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аҟәа, асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны имҩаԥысит аполитикатә партиа «Амцахара» XIV аизара ду. Уаҟа иалацәажәеит Аԥсны адәныҟатәи аҩнуҵҟатәи амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа, ауаажәларраполитикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аизара ду даҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит аделегатцәеи Аԥсны жәлари ихы рықәкны.

Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәит.

«Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥ ԥшӡарақәа  рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рӡыргаразы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада  Леуан Адлеиба.

Март мза алагамҭа инаркны ихацыркуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәеи, ҳтәыла араионқәа ршколқәа раушьҭымҭатә классқәа рҵаҩцәеи реиҧыларақәа. Ари аҩыза аусмҩаҧгатә  уажәадагьы еиҿыркаахьеит, уажәшьҭа уи атрадициатә ҟазшьа амоуп. Сынтәатәи аиҧыларақәа хацыркын  Тҟәарчал араион ала.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 30 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амш аусхәаҧштә аҟны иқәгылан 17 зҵаара. Урҭ рахьынтә 5 зҵаарак аанкылан, анаҩстәи аилатәараҿы азыхынҳәразы.

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьарала ирыдыркылеит азакәанапроект «Афинанстә қьыра (лизинг) азы». Иара убасгьы Аҧсны атуристтә усхк азы азҵаара актәи аҧхьарала  ирыдыркылеит. Уи инақәыршәаны абжьаратәи мамзаргьы иреиҳауи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аекскурсиақәа рымҩаҧгара азин рымоуп.­

Мшаԥымза 4 инаркны 7 аҟынӡа Аахыҵ-Уаԥстәыла имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны акультура Амшқәа.  Цхинвал ақалақь аҿы аҿар ртеатри, жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи аҳәынҭқарратә ансамбли ықәгылараны иҟоуп.

Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны акультура Амшқәа раартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркхоит мшаԥымза 5 рзы. К. Л. Хетагуров ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәаԥшцәа идырбахоит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр инанагӡо Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа рмотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль «Аибашьра ахымш рҽны». Мшаԥымза 6 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи Рҳәынҭқарратә ансамбли аԥсуа естрада артистцәеи рықәгылара  азгәаҭоуп.

Апсныпресс. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аусзуҩ амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me