Аԥсныпресс. Гагра ақалақь асанитар-епидемиологиатә станциа ахыбра актәи аихагылаҿы шьаҭан­кылатәи аиҭашьақәы­ргылара хыркәшахеит. Гагра араион Ахадара иазоу­­нажьит 20 млн. мааҭ инарзынаԥшуа, – ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагратәи ателе­хәаԥшра.

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭ­қарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба ашьапылампылтә Клуб «Зенит» адиректор хада иха­ҭыԥуаҩ, анагӡаратә директор Максим Пого­релови ашьапы­лампылтә Клуб «Зенит» азыҟа­ҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара ацентр адиректор Сергеи Морозови дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭ­қарратә еилакы аофи­циалтә саит.

Абарҭ амшқәа, Аԥсныпресс рзы Аҟәа ақалақь аҟны иаатит астолтә ԥкьаҭмпыл азы аклубтә чемпионат I атур.

Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Тҟәарчал ахаҿра арԥшӡара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Аргыларатә еилазаара анапхгаҩы Рауль Шамугиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Тҟәарчал ақалақь имҩа­ԥысуа аусурақәа ртәы еиҭеи­ҳәеит. «Аалӡга аӡиас ихыу ацҳа аҩганк рыла – асветофор аҟынтәи еиԥгалоу амҩанӡа ахаҳәцәы ала иаҳчаԥоит. Иара убас, Тҟәарчал апарк хада аҭеиҭыԥш рҽеин. Апарктә мҩахәа­сҭақәа хаҳәцәыла иаҳчаԥеит, ахәыҷтәы хәмарырҭеи аԥқьаҭмпыл асырҭеи ҳаргылеит, иара убас арлашага ҿыцқәа шьақәҳа­ргылеит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Аахыҵ-Уаԥстәыла ихыркәшахеит Аԥсны акультура Амшқәа. Акультура Амшқәа рхыркәшара Ацеремониа мҩаԥысуан К. Хетагуров ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсныпресс. Аҟәа араионтә Еизара адепутатцәа араион аофициалтә герб шьақәды­рӷәӷәеит. Агерб автор – аилатәара ахь ааԥхьара зырҭаз асахьа­ҭыхыҩ Баҭал Џьопуа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me