Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Лаша Ашәба апалата аусзуҩцәа, иара анаԥҵаз инаркны напхгаҩыс ирымаз хаҭала Роберт Аршба иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥгоу аусуразы: «Иахьатәи ахҭыс акраҵанакуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәаҭаратә палата анапхгаҩы ҿыц дышәҳардыруеит. Аха уи аԥхьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Роберт Аршба иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп имҩаԥигаз аусуразы.
Сгәы иаанагоит, ишьаҭарку атрадициа бзиақәа ирыцҵахоит ҳәа. Апалата есқьынгьы азакәанреи, аргамареи, аҭакԥхықәра дуи ҟазшьа ҷыданы иаман». Ашәба Лаша Аршба Роберт Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аҿиараҟны илагаламҭазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳаҭыртә шәҟәы ианеишьеит. Аршба Роберт иҭабуп ҳәа ахиҳәааит ирҭаз азҿлымҳаразы:
Аколлектив анапхгаҩы ҿыц ддырдыруа, Ашәба Лаша Каха Пертаиа идиныҳәалеит аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзурахьы иалхра. «Каха Заур-иԥа даадыруеит аҭакԥхықәра ныҟәызго, асистематә хәыцра змоу аӡә иаҳасабала. Агәра згоит аколлективи шәареи иақәнагоу аизыҟазаашьақәа шәыбжьашәҵап ҳәа. Аколлектив профессионалтәуп, аихьӡарақәа жәпакы амоуп, урҭ аихьӡарақәа реихаҳара аилыршахоит ҳәа сгәы иаанагоит», – иҳәеит Лаша Ашәба. Каха Пертаиа Апарламент Аиҳаби адепутатцәеи ирҭаз агәрагаразы иҭабуп ҳәа раҳәаны, иазгәеиҭеит Агәаҭаратә палата аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рҟны иамоу аҵак ду. Мшаԥымза 19 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа Каха пертаиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәаҭаратә палата ахантәаҩыс далырхит.