Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәабжьқәа

Очамчыра араион Акәасқьатәи абжьаратәи ашкол аклассқәа руак иахҵоуп Леон иорден за­нашьоу Валери Берхамов ихьӡ. Валери Берхамов хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра дааит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубли­ка ақалақь Бақсан аҟынтәи. Иара ихыҵуаз жәаф шықәса ракәын. Афырхаҵа дҭахеит марттәи ажәылараан.

Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум аҽалархәразы арахь иааз Урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа алахәылацәеи аҳҭны-қалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аусумҭа ду

27 Мшаҧы 2023

Аҧсны Аиҳабыра Реилазаа­ра аилатәарақәа рзал аҟны имҩаҧган аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҧсуа ҵарауаа аус здырулоз аҭыжьымҭа ду «Аҧсны. Иаазыркьаҿу аенциклопедиа, 2-томкны» (урысшәала) аӡыргара. Аҭыжьымҭа аус адырулон аҭҵаарадырратә Центр «Аҧсуа енциклопедиа» амаҵ азызуа.

Ашәҟәы аиҧшз еиҧшу ирышьашәаланы еиқәыршәоуп, еиднакылоит, иамҽханакуеит Аҧсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳазҭагылоу аамҭазынӡа иаҵанакуа аазырҧшуа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа, ауаажәларра-политикатә шьақәгылашьа инаркны, акульту­ра, аҟазара, алитература, афоль­клор, агеографиа, аҭоурых, аеко­номика, адин, афлореи афаунеи, архитектура, аспорт уҳәа.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа иаҵанакуа ашколқәа рҟнытә ашколхәыҷқәа злахәыз азҿлымҳара бзиа зауз аусмҩаҧгатә еиҿкаан Н.А. Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи абжьаратәи Ашь­харыуаа ршкол аҟны.

Зиубилеиқәа ыҟоу аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рыҧсҭазаареи рырҿиамҭақәеи рыла «Аҧсуа литература аҧсы ҭоуп» ахьӡны ашколқәа рыбжьара имҩаҧган аицлабра. Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы А. Ҭаркьыл-ҧҳа лзеиҧш напхгарала еиҿыркааз апроект ҷыдала аус адылулон аҵара аусбарҭа аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы азанааҭдырҩы хада Н. Ломиа-ҧҳа.

Аԥсныпресс. Жәлар Реиза­ра-Апарламент аҟны Риҵатәи Амилаҭтә парк аҭаларазы абилеҭқәеи Ареспубликатә унитартә наплакы «Г.Ш.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс» ахь аекскурсиатә билеҭқәеи рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәаланы, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭҵаара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥысит.

Аилатәара аартуа, акомиссиа ахантәаҩы, Жәлар Реизара аде­путат Асҭамыр Гьерхьелиа, иахьа Риҵатәи Амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәалоу азҵаарақәеи, иарбоу атуристтә обиектқәа 2022 шықәсазы ру­сура аихшьаалақәеи, иҟоу апроблемақәеи, урҭ рыӡбаразы иҟаҵоуи ирылацәажәахоит ҳәа азгәеиҭеит.

Аҧсны ақыҭанхамҩа аминис­трра ахаҭарнакцәа Гал ара­ион иаҭааит ҩнызқьи ҩажәи ҩба шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма амҩаҧысшьа агәаҭаразы. Дара ир­беит араса аус ахьадыруло ацех, арахәааӡарҭа аферма, иара убас­гьы амандарина ахьеиҭарҳаз а ҭ ы ҧ қ ә а. А р ҭ а н а п л а к қ ә а аҧҵан анхацәа ақыҭанхамҩатә проектқәа реиҿкааразы изиааиз атендер иабзоураны.

Аҧсны асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵатә зал хадаҿы иа­артуп Аҧсны еицырды­руа, абаҩхатәра ҷыда злоу аҿыханҵаҩ Заур Мықәба иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Уи аартын мшаҧымза 19 аҽны.

Ацәыргақәҵа аартра иалахәын асахьаҭыхҩы иҩызцәа, иҭынхацәа, уи иҟазара бзиа избо аҿар, аиҳабыратә абиҧара.

«Алашара» №2

27 Мшаҧы 2023

Аҧхьаҩцәа ироуит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» аҩбатәи аномер.

Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан Аалӡга аӡиас иху автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит, – иаанацҳауеит Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә на­плакы «Аԥсныҟәарахьчара» анџьныр хада Иури Во­робиов дазааҭгылеит ацҳа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы

Апрель 18. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ныҟәара аан, Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев диԥылеит.

Аԥсны Ахада Ас лан Бжьаниа Аԥсны ақьырсиан иашахаҵаҩцәа ирыдиныҳәалеит Мшаԥныҳәа – Христос Игылара.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьа­ниа Адгәыр Агрба изаамҭанытәиу акласстә чын ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аусԥҟа аҟны иазгәаҭоуп: «Ианашьазааит «Аиустициа 3 акласс иаҵанакуа аҳәынҭқарратә абжьгаҩ» ҳәа изаамҭанытәиу акласстә чын Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада Агрба Адгәыр Нугзар-иԥа».

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me