Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟәа ахақәиҭтәра 30 ш. ахыҵит

Сынтәа Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә   еибашьраҿы   Аиааира 30 шықәса ахыҵуеит. Уи Аҧсны жәлар зегьы иазгәарҭоит.

Убри арыцхә инамаданы сентиабр 27 рзы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра иазкны Аҧсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа анышә иахьамадоу  «Ахьӡ-Аҧша» апарк ахь ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц имҩахыҵит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы Абессалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра Реилазаара иалоу, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭахцәа, аҿар.

Анаҩс асахьаҭыхҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку ацәыргақәҵа. Уаҟа иӡырган хыҧхьаӡара рацәала асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟан: Мариа Делба – «Аццышә», «Аимабзиабара», Ҭемыр Аҳәба – «Пьета», Аксана Барзаниа – «Аибашьра ашьҭа», Ҟәараса Черқьезиа – «Зылахь еиқәу аҧҳәыс», Асҭанда Адлеиба – «Гәымсҭа», Илиа Ҵәыџьба – «Ихәу аибашьҩы», Виссарион Ҵәыџьба – «Зыҧсыбаҩ зыҧшааз», «Август 14», «Тҟәарчалтәи агоспиталь аҿы», «Лаҭатәи атрагедиа», Леонид Еныкь– «Гәымсҭатәи апеизаж», Борис Ашәба – «Гәымсҭатәи ацҳа», «Схьычҧаҧырхәыҷ», Амиран Адлеиба – «Ан»,  «Нарҭаа рдоуҳа», Сасун Торосиан – «Гәымсҭа аханы аҭынчра»,  Заур Аџьба – «Аҧсуа еибашьцәа», Руслан Габлиа – «В. Г. Арӡынба», Руслан Чхамалиа – «Аибашьра – ахәыҷы илақәа рыла»,  Баҭал Џьапуа – «Ҧхынҷкәын. Мрагыларатәи афронт», «Ҧхынгәы. Мрагыларатәи афронт, Аҧшьа Ҳагба – «Атәым бџьар зку», «Аиааира», Нугзар Логәуа – «Ахәылбыҽха», «Герника – Аҟәа», «Ашьыжь», Руслан Габлиа – «Уарада гәышьа уарада» уҳәа убас ирацәаны.

 Иара убас  Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра  30 шықәса ахыҵра иазкыз агәырҕьаратә концерт иацҵан Р. Гәымба ихьӡ зху  Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

Агәырҕьаратә мшы хыркәшан Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәаҿы амцеишьылқәа ажәҩан ахь рышьҭрала.


С.Гьергьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me