Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәыларақәа рыҽдырҭбаауан…

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аҟны рлагала дууп Аҟәатәи аҷкәынцәа. Аибашьра аветеран, Аҟәатәи абаталион актәи арота акомандирс иҟаз, Леон иорден занашьоу Иури Хәаҭланӡиа  иахьа ҳажәлар  Аиааира аныҳәа рыдныҳәалауа, Аҟәа   ахақәиҭтәразы имҩаҧысуаз аҵыхәтәантәи инарҭбааз ажәыларақәа рахьтә хҭысқәак дырзааҭгылеит.

Иури Хәаҭланӡиа  раҧхьатәи амшқәа инаркны Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа дрылагылан. Очамчыра араион  Кындыҕ ақыҭан ииз,  иааӡаз акыр шықәса раахыс  Аҟәа дынхон, аус иуан, аҳҭны-қалақь аҟны  аҭаацәарагьы далалеит.  Аҧсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла лакҩакрак ҟаимҵеит, еиҳа дахьаҭахыз аҭыҧ ахь днеит.

Аҧсны Арбџьар Мчқәа ирыҵанакуаз  актәи абригада  аҩбатәи абаталион акәны  ишьақәгылаз Аҟәатәи абаталион аҟны, аханатә аибашьцәа асиа ранҵара иалагазгьы иара иоуп Афон-Ҿыц аҽеизгара ианаҧшьырга.

Уаанӡа еиуеиҧшым агәыҧқәа рҟны еибашьуаз Аҟәаа рыҷкәынцәа, еиҳараҩык аҿар ракәын, урҭ ирҭаххеит џьарак рҽеидыркыларц. Аҟәа ииз, иааӡаз арҧарцәа  ирылан Аҟәа инхоз егьырҭ аҧсуа ҷкәынцәагьы маҷҩымкәа. Аҿар рыҩнуҵҟа  иҟан жәаф-жәибжь шықәса зхыҵуазгьы. Ақәыҧшцәа ажәыларахь иргомызт,  аҩныҟа ицарц рабжьаргон, аха ирымукәа ҩаҧхьа афронт ахь ихынҳәуан. Аибашьра адәаҿы агәымшәара аадырҧшуан.  Улахь еиқәызҵо, урҭ иреиуазгьы ҭамхар амуит.

Абаталион анаҧҵаха ҳаибашьцәа рҿаҧхьа ишьҭаз аус еиҳа еиҿкаахеит, ажәылара аҧҟарақәа инарықәыршәаны аҽазыҟаҵарақәагьы ирылагеит. Аҟәатәи абаталион анеиҿкааха нахыс Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа Аҟәа араион Кәтышьха иахьаҵанакуа итәан.

Август аҽеишамҭазы зыӡбахә ҳамоу абаталион Аҟәа араион иахьаҵанакуа – Ахбҩы иҟан, адҵа ироуз ала  уантә илбааит. Жәамш ааҵуаны акомандирцәа еизыргеит.  Абаталионқәа зегьы рҿаҧхьа адҵақәа ықәдыргылон. Аҟәатәи абаталион аибашьцәа анапынҵа рыман Гәымсҭа иху аладатәи ацҳа ала аҕа ихьарҧшразы. Ари иаанагоз уи акәын, адҵа анагӡара шмариамызгьы, ажәылара еиҿкааны Гәымсҭа ацҳа иқәстәын, аҕа ихырҕәҕәарҭа дыҭцатәын.  Иаарласны аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.

Маӡала ажәылара азгәаҭан сентиабр жәаф рзы. Абаталион аҧшыхәратә гәыҧ аиҳабы, аҧшыхәраҿгьы, ажәыларақәа раангьы зҽалызкаауаз  Харитон Папба, иара убас уи иҩызцәа Даур Барцыц,  Анзор Бигәаа, Аслан Агрба  уҳәа даараӡа инҭырҳәцааны аҭагылазаашьа ҭырҵааит. Убри абзоурала, ажәылараан ақәылаҩцәа иреиуаз  Гәымсҭа ацҳа ахьчаҩцәа ргәыҧ рытҟәеит асааҭ акы азы, ацҳа ианықәсуаз аамҭазы. Ари аҭагылазаашьа иалнаршеит абаталион аибашьцәа ҩ-гәыҧкны рыҽшаны ацҳа рықәсра. Иаарласны  ҳаибашьцәа ацҳа ишнықәсыз еиҧш адырра рырҭеит Гәымсҭа иху хыхьтәи ацҳа ааигәара итәаз ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа. Сааҭқәак рышьҭахь ауп ақырҭқәа иҟалаҵәҟьаз анеилыркаа. Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа даара изықәгәыҕуаз Харитон Папба ишьапы ицәыӡуеит аҕа артиллериала ихысрақәа раан, иҭахазгьы ҟалеит. 

Абаталион иаҵанакуаз аҩбатәи агәыҧ аштаб аиҳабы Леуан Миқаа драҧызаны аихамҩа  аҩадахьтәи аганахь ииасит еихырҵәарц, насгьы уи ахылаҧшразы.  Актәи агәыҧ ацҳа аҟнытә аладахьала аибашьцәа  рҿынархеит абаталион акомандир Сергеи Матосиан, Иури Хәаҭланӡиа, Даур Ҳаразиа раҧхьагыланы. Аҧхьаҟа инаскьеит, ахырҕәҕәарҭа аиҿкаарагьы рылдыршеит амандаринақәа рбаҳчаҿы.  «Учхоз» ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧаҿ иааиҧмырҟьаӡакәа ақырҭқәа рылахысуан бџьар хкыс ирымаз зегьы  рыла. Даара ҟазаралагьы ахыхьчара аҭахын, аҟәыҕара аарҧштәын. Ҳаибашьцәа Алашарбага аҳабла иахьаҵанакуа амшын аганахьала есааира ҧхьаҟа инаскьон. Аҟәа анапахьы аагаразы х-ганк рыла ажәыларақәа мҩаҧысуан. Абаталионқәа зегьы рҽеимаданы алҵшәа бзиақәа аадырҧшуан. Аҟәатәи абаталион аибашьцәа лымкаала иазгәышьуан аҳҭны-қалақь алалара, егьрылдыршеит ааха дуқәа шроузгьы.

Изӡатәузеи, мчыбжьык иалагӡаны ишьақәгылаз  аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩын, аха ҳаибашьцәа ргәы еиҭамҧеит,  иахьынӡарылшоз рыдҵа анагӡара иацырҵон. 

Аҧсадгьыл ахьчаҩ Иури Хәаҭланӡиа  иахьагьы игәы иалоуп Аиааира амш аан Егрынӡа дахьзымнаӡаз, избан акәзар, сентиабр ҩеижәиҩба рзы Сергеи Матосиани иареи ахәра ҕәҕәақәа роуит. Убра ихыркәшахеит Иури иеибашьратә мҩа, избанзар ахәышәтәырҭахь дыргар акәхеит. Октиабр ааба рзынӡа  ахәышәтәырҭаҿы дыҟан, уи нахыс уа  даанымгылакәа аҩныҟа дцеит. Акраамҭа иҽихәышәтәуан. Иахьа актәи агәыҧ аинвалид ҳәа дшьоуп.

«Ҳбаталион аҟнытә аӡәырҩы Аҧсадгьыл рхы ақәырҵеит. Урҭ рыхьӡ ахаангьы хашҭра ақәым. Еиҵагыло абиҧарақәа ирдыруазароуп, ирызнагалатәуп, идырҵалатәуп иахьа иҳамоу аҭынчра Аҧсадгьыл аҵеицәа хьӡырҳәагақәа рыҧсы шахҭынҵоу, урҭ иаадырҧшуаз афырхаҵара ишабзоуроу Аҧсны иагаз Аиааира.   Ҳбаталион иаҵанакуаз рахьтә  еиқәхазгьы ахәрақәа рзыннажьит,  шамахамзар аӡәгьы аконтузиа имоукәа аибашьра дзалымҵит. Еиқәхаз рахьтә, иахьа – Аиааира ҩеижәижәаба шықәса ахыҵра амш аҟынӡа  изымааиз рацәаҩуп, рчымазарақәа ирыхҟьаны аӡәырҩы рыҧсҭазаара иалҵгәышьеит. Аиааира амш иҳацаҧыло рахьтәгьы шьардаҩы агәабзиара рымаӡам. Уи џьашьатәӡам, рықәра наскьацҧхьаӡа ирхыргаз ахьанҭарақәа рхы ддырдыруеит, ачымазара ҿыцқәа цәырыргоит. Абарҭқәа еилкааны, пату ақәҵаны инаргалароуп аҿар, урҭ аҿырҧшқәа рыла ирааӡалароуп еиҵагыло абиҧарацәа», - иҳәоит Иури Хәаҭланӡиа.

Ҳажәлар Аиааира аныҳәа рыдныҳәалауа аибашьра аветеран иазгәеиҭеит: «Аиааира амш рыдысныҳәалар сҭахуп аибашьра аветеранцәа, ҳажәлар  зегьы. Амшныҳәа ду аҧылара ҳхы ахаҳбаауеит аибашьра адәаҿы иҳацәҭахаз ҳҩызцәа ҳанрызхәыцуа. Урҭгьы ирҭахын аҧсҭазаара, аган рҽаварымкит, рҩызцәа ааныжьны ҳтәыла анҭыҵ еиҕьу аҧсҭазаара иашьҭамлеит. Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәалашәара ҳцәымӡааит.  Иахьа агәырҕьареи алахьеиқәреи зцу Аиааира иаҧыло аветеранцәа агәабзиара наӡа раҭәашьазааит. Шьардаамҭа рыҧсадгьыл иагымзааит. Аҧсны уаҳа еибашьрак ҳажәлар ақәимыршәааит. Ҳажәлар зегьы реиҧш, аҧышәара дуқәа ирхысыз аибашьра аветеранцәа  уажәынахысгьы  уаҵәтәи ҳҧеиҧш иазхәыцны ршьаҿақәа еихыргалар сҭахуп.   Аҧеиҧш ахьчаразы ауасхыр ҕәҕәа шьҭаҵоуп. Аветеран иџьабаа ихаҭа ихаимыршҭыроуп, пату ақәҵангьы иныҟәигалароуп, усҟан еиҳагьы  ихҧша шьҭыҵуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Аҧсны наунагӡа аҭынчра агымзааит, ҳажәлар аихьӡара дуқәа рзыҧшызааит».


В.Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me