Аамҭақәа реигәныҩра

1992 ш. август 14 рзы ҩ-нызқьҩык еидызкылоз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Егры аӡиас аҟны – Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәаа иахысны ҳтәыла иақәлеит абџьарлеи техникалеи рҽеиқәыршәаны. 

 Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҵысит. Раҧхьаӡа иаанкылан Очамчыра иааӡаанӡа Охәреи ақыҭан ҳаруаа рхырҕәҕәарҭаҿы. Уа руалҧшьа нарыгӡон Аҧсны аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк хатәгәаҧхарала амаҵзураҿы иҟаз. Аҿагылара роуеит  иара убас Очамчыра ақалақь иахыкәшауа амҩаду Тҟәарчалтәи ахаҵәирҭаҿы. Аҽны аидыслара ҟалеит Агәӡера аҳаблангьы, аха сааҭқәак рыла Аҟәа иазааигәахеит. Аҟәа, Мрагыларатәи аган аҿы Аҧсны аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аҟнытә Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рҿагылеит, аиҿахысрақәагьы ҟалеит ажәиҧшьтәи ашкол аҧхьа, аха ихьамҵыр амуит, амчқәа еиҟарамызт. Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа иаразнак рымчқәа еизыркит  Ацҳа ҟаҧшь аҟны, аминақәа ыҵаҵаны амҩа ркит. Аиҿахысрақәа еихсыҕьуамызт. Аҽны аҕа раҧхьатәи итанкгьы имхын. Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа  хьаҵырц ргәы ишҭамыз збаз ақырҭуа қәылаҩцәа рҧызацәа Аҧсны анапхгареи дареи реиҿцәажәара иазыразхеит. Излеизааибагаз ала, ақырҭуа архәҭақәеи реибашьыга атехникеи Аҟәа ааныжьны Мрагыларатәи аганахь – Баҕбаран ақыҭан иаангылт. Аҧсуаа Мраҭашәарахьтәи аганахь инаскьеит – Гәымсҭа аӡиас нырцәҟа ииасит.

 Аиқәшаҳаҭра шыҟазгьы, август 18 рзы уи аҧҟара еилаганы ақырҭуа архәҭақәа Аҟәа иалалеит бџьарк ҭмырҟьаӡакәа, рнапахьгьы иааргеит. Абри амш инаркны аҧсадгьыл ахьчаҩцәа Гәымсҭа аӡиас нырцә рхырҕәҕәарҭақәа аанкыланы итәеит. Гагра ақырҭқәа рнапахьы иааргахьан.

 Қарҭтәыла ар Аҧсны ианақәла аҽныҵәҟьа Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала ауааҧсыра рҽеизыркырц рыланаҳәеит 18 шықәса инаркны 40 шықәса зхыҵуа рҟынӡа, насгьы аҩныҵҟатәи аполк ашҟа рхы дырхарц. Аҧыза идҵан аполк аҩныҵҟа 500-ҩык еидызкылоз абаталионқәа хәба реиҿкаара. Иаарласны, август 18 рзы иаҧҵахеит иара убас атәылахьчара Аҳәынҭқарратә комитет (ашьҭахь – хара имгакәа, октиабр 11 рзы еиҿкаахеит атәылахьчара аминистрра). Абасала аҧсуа жәлар аҕа иҿагыланы рыҧсадгьыл ахьчаразы рҽеиҿыркаауан.

Раҧхьатәи амш аан Аҟәа, Ацҳа ҟаҧшь аҟны, иара убас Ацҳа шкәакәа ҳәа изышьҭоу рыкәша-мыкәша иаарласӡаны еиҿкаахаз ахырҕәҕәарҭа иабзоурахаз рацәоуп анаҩстәи ахҭысқәа рыҿиашьаҿы. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Аҧсны анапхгара ирылдыршеит зда ҧсыхәа ыҟамыз аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара. Уи нахыс Аҧсны анапхгареи, ажәлари, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи еидгыланы аҕа иҿагылеит.

Шықәсык инацны ицоз аибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира иабзоураны иахьа Аҧсны аҿиара амҩа иануп. Аҳҭны-қалақь аҩнуҵҟа акәзар,  Аиааира 30 ш. ахыҵра аҳаҭыр азы ақалақь иахьаҵанакуа еиуеиҧшым аҭыҧқәа рхаҿра дырҧшӡоит, идырҿыцуеит. Убарҭ ируакуп аибашьратә ҭоурых змоу Ацҳа ҟаҧшь. Абар, мызқәак ҵуан ақалақь абиуџьет ала уи аиҭарҿыцра иаҿижьҭеи аргыларатә усбарҭа. Акыр аремонт азыруит, абыркьылқәа уаанӡеиҧш аҧштәы ҟаҧшьыла иршәит, сентиабр 27 рзы аусурақәа хыркәшан. Ацҳа ашьапы дырҕәҕәеит, атротуар аплитка ҿыц ықәырҵеит, ашьаҟақәа рыҧсахит, афымцалашара ацәаҳәа ҿыцқәа бжьырдеит, убас имаҷым имҩаҧгоу аусурақәа.

Ацҳа ҟаҧшь ахаҭа аҭоурых ҵаулоуп. Басла аӡиас иху ари ацҳа хҵан шәышықәса раҧхьа. Ахьӡгьы ахьынтәаауа – раҧхьаӡа уи ршәит ҟаҧшьыла. Убри инаркны Ацҳа ҟаҧшь ҳәа ахьӡ аиуит. Аҧхьа аихатәы цҳа хҵан, ашьҭахь – аиха-бетон ала иҧсахын. Аха ахьӡи аҧштәи еиқәырхан.

Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба ишазгәеиҭаз еиҧш, ацҳа аҭоурых-культуратә баҟақәа рсиа иалоуп, ақалақь зырҧшӡо аҭыҧқәа ируакуп.


В. Ацанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me