Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааира аламҭалаз

Аӡәгьы изы имаӡам, идыруп Аҧсны Аџьынџьтәылатә (1992-1993) еибашьраан  амедиаҳәшьцәа рылшамҭақәа.

Урҭ рхы-рыҧсы иамеигӡа, изылшоз абџьар шьҭыхны, рыҧсадгьыл ахьчараз рабацәа, рашьцәа, рыҷкәынцәа инарывагылеит. Даҽа џьоукы, доуҳала ргәы рыҕәҕәаны амедиаҳәшьцәа ршәырақәа кны аибашьра амца ашоура ахьцоз иалагылеит.  Хыҧхьаӡара рацәала аибашьцәа еиқәдырхеит, аха иҟоуп, ацхыраара змыхәоз  аибашьра адәаҿы, аҭыҧҳацәа рнапы ишаныз зыҧсҭазаара иалҵуазгьы. Уи даара игәаҕьыуацәоуп аҳәара, ахцәажәара. Убри зегьы ахә шьаны, маҷк акәзаргьы ргәы шьҭнахырц, рҩызцәа ргәаладыршәарац, дара-дара еибабарц Ауаажәларратә палата еиҿнакааит асасааирҭа «Интер-Сухум» аҟны  Аҧсны Аџьынџьтәылатә   еибашьра иалахәыз амедиаҳәшьцәа рзы Аиааира 30 шықәса азгәаҭара аламҭалаз агәырҕьаратә концерт.

Агәырҕьаратә концерт аартуа, минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит Аҧсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа. Анаҩс ажәа лыман  Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба. Аибашьцәа аветеранцәа  ирыдылныҳәалеит Аиааира 30 шықәса ахыҵра. Дазааҭгылеит аибашьра ацәаҳәаҿы ишаадырҧшуаз афырхаҵара, агәымшәара. Илҳәеит  аибашьцәа рыхәрақәа шдырҕьоз, ргәы шыҟарҵоз, дара ишрыбзоуроу аибашьцәа ргәы шьҭыхны еибашьра иахьцоз. Иазгәалҭеит ас еиҧш иҟоу аиҧылара аиҿкаара зыбзоуроу,  аветеранцәа  рызҵаарақәа рзы  Ауаажәларратә палата акомиссиа иахагылоу аибашьра аветеран Даур Агрба, Гиви Камыгә-иҧа иҷкәын Аҧсны Афырхаҵа  шиакәу. Иара убас иазгәалҭеит, Ауаажәларратә палата ишалоу 14-ҩык аибашьра аветеранцәа, урҭ рахьтә хҩык – «Аҧсны Афырхацәа», «Агәымшәаразы» амедал занашьоу шырацәоу, «Леон» иорден занашьоу ҧшьҩык шыҟоу. Илҳәеит, дара ирыдыркыло ауаажәларра рҟынтәи  ашәҟәқәа рыла ишубарҭо, ауаажәларреи дареи агәрагара шрымоу. Иара убас илҳәеит агәырҕьаратә концерт аҟны иргәаладыршәарц шауа алахьеиқәҵагатә мшқәа реиҧш,аибашьра ацәаҳәаҿы иҟалалоз алаф зцыз ахҭысқәагьы. Рыӡбахә лҳәеит аибашьра ацәаҳәаҿы зхы иамеигӡа, аибашьцәа ирыцыз ажурналистцәа Екатерина Бебиа, Ҭали Џьопуа, Емма Хәаџьаа.

Анаҩс ажәа иман Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа. Уи Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит. Иаргьы ихьӡала иҭабуп ҳәа реиҳәеит аибашьра  амҩа ианысыз аҳәса зегьы, урҭ иҟарҵаз ааҧсара ахә даара ишҳараку, Аҧсны жәлар зегьы ишырхамышҭуа.

Ажәахәқәа ҟазҵоз иреиуан Ауаажәларратә палата алахәыла Сократ Џьынџьал, Аҧсны Афырхаҵа Кама Лашәриа, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба ихьӡ зху  аибашьратә фырхаҵара амузеи аиҳабы Мзиа Беиа, ажурнлист Екатерина Бебиа, Аҧсны Афырхаҵа Оҭар Ломиа иара убас ирацәаҩны.

Анаҩс аныҳәатә концерт аҟны иқәгылоз рхыҧхьаӡараҿ иҟан Аҧсны Жәлар рартистка Лиудмила Гәым-ҧҳа, Аҧсны Жәлар рартист Заур Зыхәба, авокалтә-инструменттә  ансамбль «Гәында», акәашаратә гәыҧ «Нарҭаа», ашәаҳәаҩ Авто Конџьариа, агәыҧ «Анатрио» уҳәа егьырҭгьы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me