Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Абар мышқәак роуп инхаз, иалагоит аҵарашықәс ҿыц. Раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшуп раҧхьатәи аҵәҵәабжьы. Сынтәатәи ашықәс азы 2452-ҩык ахәыҷқәа ршьаҿа еихыргоит адыррақәа рдунеи ашҟа. Аҧснытәи ашколқәа зегьы азхиоуп аҵаҩцәа рыдкылара.
Аԥсны аделегациа рылахәын Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәыла азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьарақәа. Аԥсны аделегациа иалан Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ерик Рштуни, Баҭал Џьопуа, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи ҳауаажәлар рзы иԥшьоу Аиааира амшныҳәа азгәаҭареи мышқәак нацны мызкы шагыз, 75 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит урҭ раагара зџьабаа маҷымкәа иадыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи Арбџьар Мчқәеи рветеран, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-маиор ԥхьатәа Виачеслав Аҳмеҭ-иԥа Ешба.
Аслан Бжьаниа ажәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш иазкыз агәырӷьаратә еизараҿы.
Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Аслан Бжьаниа адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15 шықәса ахыҵра инамаданы.
Аҧсны Ахьҧшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра инамаданы август 25 рзы акультуратә платформа «Гума» аҟны Москва ахадара рыбзоурала еиҿкаан аныҳәатә концерт.