Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аибашьҩы дзааӡаз агара»

Ааигәа аҟазарҭатә платформа «Гәыма» ицәыргақәҵан Аҧсны Аџьынџьтәылатә (1992-1993) еибашьраан иҭахаз аҵеицәа гәыҧҩык зларааӡаз агарақәа. «Колыбель, вырастившая воина» ахьӡын ацәыргақәҵа. Ари ацәыргақәҵа еиҿкаан Жәларбжьаратәи аҧсуа-абаза конгресси С. Дбар ихьӡ зху Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеии рыбзоурала.

Ҩымш имҩаҧысуаз ацәыргақәҵаҿы, дарбанызаалак дхәыҷума-ддума дымҩахыҵны иблала ибар илшон, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз дзааӡаз агара, ихьӡ-ижәла, насгьы иаазыркьаҿны дахьҭахаз аҭыҧ ахьӡ иарбан. Ацәыргақәҵа 30-ҩык афырхацәа ирызкын. Урҭ рахь иҟан «Леон» иорден занашьаз: Аслан Ҭарба, Баҭал Аршьаниа,   Адгәыр Шамба, Џьыр Ҳагба, Гәырами Алики Багаҭелиаа, Геннади Џьыкырба, Руслан Цәеиба, Амиран Царгәыш, Руслан Џьынџьолиа, Адгәыр Цәышба, Адамыр Барцыц, Алхас Гьерзмаа, Рауль Гәбаз,Аслан Аргәын, Сергеи Ҳамыҭ, Даур Шамба, Мураҭ Гамисониа, Даур Ахба; «Агәымшәаразы» амедал: Витали Агрба, Асҭамыр Аншба, Иура Џьынџьолиа, Артур Барцыц, Нугзар Ақаҩба, Рауль Дбар; «Аҧсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵоуп: Васили Чачбаиа,  Џьон (Сникерс) Бжьаниа, Радион Џьынџьолиа, Игори  Маринеи Ҭаниаа,Ҭемыр Губаз,    Рафаель Царгәыш, Рауф Џьыкырба; аибашьраҿы агәымшәареи афырхаҵареи аазырҧшыз Родик Барцыци, Арзаабеи Барцыци.   

С. Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьра  рмузеи аусзуҩы Гәыгәыца Џьыкырба илҳәеит: «Еснагь аҧсуа милаҭ рҟны агарақәа аҵак ду шрымаз, хықәкыс ирымаз убри аарҧшра шакәыз. Раҧхьаӡакәны Гәдоуҭа амузеи аҿы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 29 шықәса анахыҵуаз ишӡырыргахьаз зыҧсы ҭоу аибашьцәа ргарақәа. Уажәы аҟазарҭатә платформа «Гәыма»  иӡыргаз агарақәа аибашьра ацәаҳәаҿы иҭахаз  ргарақәа роуп». Лара излаҳалҳәаз ала, иӡыргаз 30 гара, қыҭацыҧхьаӡа зҭоурых зҳәо шракәу. Иара убас иазгәалҭеит зегь раҧхьаӡа агара амузеи иазҭаз зыҷкәынцәа ҭахаз Иуреи Руслани Џьынџьалаа ран Римма Аиба шлакәу.

С.Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me