Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Афырхацәеи Владислав Арӡынбеи рбаҟақәа рҟны

Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәижьҭеи 30 шықәса ҵит.  Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.   Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара мҩаԥысит.

Иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәа, рҭынхацәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа. Абраҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҟны Аиааира Амш 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Урыстәыла, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Приднестровие рделегациақәа рнапхгаҩцәа.

Аибашьраҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан иҟоу аԥсуа  диаспора ахаҭарнакцәа.   

«Аиааира Амш Аԥсны Аҳәынҭқарра анаҩстәи ашьақәгылареи аҿиареи рзы алшара ҳанаҭеит», – ҳәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ажурналистцәа дрыҿцәажәо, иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа Аԥсны зегь реиҳа ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп ҳәа азгәеиҭеит. Иара аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, хьӡи-ԥшеи згым афырхацәа зааӡаз анацәа дрыдныҳәало, иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аиааиразы.

Аԥсны Раԥхьатәи Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара мҩаԥысит Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Владислав  Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәа, рҭынхацәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа.

Аԥсны Раԥхьатәи Ахада ҳаҭырла дыргәаладыршәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхарзы иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me