Владимир Путин иҟаиҵаз адныҳәалара

Аԥсны Ахадеи ажәлари рахь Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааира Амш идиныҳәалеит. Уаҟа иазгәаҭоуп:   «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәа - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.

30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы, аԥсуа жәлар рфырхаҵара аԥсуа жәлар хацәнмырха ақәԥараҟны ахақәиҭразы, аҭынч ԥсҭазааразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит. Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас иаҭаны. Агәра згоит лҵшәабзиала ишьақәгыло ҳаимадарақәа ганцыԥхьаӡа рырӷәӷәара ҳзеиԥш интересқәа ишрықәшәо. Исҳәарц сҭахуп, Урыстәыла аԥхьаҟагьы ганрацәала Аԥсны Аиҳабыреи ажәлари асоциал-екномикатә уснагӡатәқәеи амилаҭтә шәарҭадара алыршареи ирызку аусқәа рыӡбараҟны ацхыраара шыҟанаҵало.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара. Ҳаҭырла, Владимир Путин».  

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me