Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Шәача Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара

Октиабр 4 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путини реиԥылара.

Владимир Путин Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлар зегьы ирыдиныҳәалеит Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара 15 ш. ахыҵреи аибашьраҿы Аиааира 30 ш. ахыҵреи.

«Ааигәаҵәҟьа Аԥсны ҩ-ныҳәак азгәанаҭеит – Аиааира Амши ахьыԥшымра азхаҵареи. Даҽазныкгьы шәхаҭеи Аԥсны жәлар зегьи ишәыдысныҳәалоит. Уахәаԥшуазар, ҳтәылақәа рыбжьара аҭагылазаашьа аҿиашьа бзиоуп. Ҵыԥх атауареикәыршара аизҳара иартәеит 73%. Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа 64 Аԥсни  аимадарақәа рыбжьоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла. 200 инареиҳаны еилахәу анаплакқәа аус еицыруеит», – иҳәеит Владимир Путин аицәажәарақәа ирылагаанӡа.

Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи аҵыхәтәантәи аамҭазы реизыҟазаашьақәа рырцыхцыхразы ашьаҿақәа ҟаҵоуп, азакәанԥҵараҿы агармонизациа мҩаԥысуеит, уи иалнаршоит иаку асоциал-економикатәи атәылахьчаратә дгьылҵакыреи раԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳҳәынҭқаррақәа реизааигәатәра.

Аслан Бжьаниа Владимир Путин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩ-тәылауаҩрак рзы аиқәшаҳаҭра инапы ахьаҵаиҩыз азы.

«Ҳара иаҳҭахуп, ҳагьрықәныҟәалоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара анапы зҵаҩу ишьаҭарку адокументқәа рҟны иарбоу. Ҳара ҳрылахәзар ҳҭахуп Урыстәылатәи аган иаԥшьнаго аинтеграциатә процессқәа, избанзар уи Аԥсны аинтересқәа ирықәшәоит. Ҳара ҳзы уи акырӡа аҵанакуеит» , – иҳәеит Аԥсны Ахада.

Анаҩс ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа реицәажәара мҩаԥысуан аӡәгьы даламырхәӡакәа.

Аҽны Шәача ихыркәшан Аслан Бжьаниеи Владимр Путини реиԥылара.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me