Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахақәиҭра Ашҭаҿы арратә парад

«Аԥсны жәлар аибашьраҿы аиааира ргеит, аҭынч ԥсҭазаараҿгьы иаиааиуеит, ҳара аԥхьаҟа аизҳазыӷьара амҩа иацаҳҵоит, арбгара акәымкәа», – иҳәеит Аслан Бжьаниа 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкыз арратә парад аҟны.

Аибашьра иахҟьаны Аԥсны аекономикеи аинфраструктуреи аԥхасҭа ду рыҭан. Иҭахеит зықьҩыла ауаа – аруаа, аҭынч уааԥсыра, иԥыххааса иқәҵан асоциалтә инфраструктура аобиектқәа, анаплакқәа, акурортқәа, акоммуникациақәа, анхарҭатә фонд. Аԥсны иаҭаз аекономикатә ԥхасҭа иартәеит США адолларқәа 11 миллиард инареиҳаны.

«Ҳара еиҭашьақәҳаргылоит ҳақалақьқәа, ҳкурортқәа, иацаҳҵоит амҩақәа, акоммуникациақәа рыҟаҵара, еиҭашьақәыргыланы иааҳартуеит жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы аҳаиртә, амшынтә баӷәазақәа, ҳамч зықәхо зегь ҟаҳҵоит ҳареи ҳхәыҷқәеи иҳаҭәоу аԥсҭазаара бзиа ҳаурц азы», – иазгәеиҭеит Бжьаниа.

«Аҭоурыхтә иашара Аԥсны аганахь иҟоуп, ӷәӷәалаҵәҟьа агәра ҳгоит асуверенитети ахьыԥшымреи рышьақәыргылара аганахьала ҳамҩаҿы зиааира алымшауа аԥынгылақәа шыҟамло», – иаҵишьит Ахада.

Аслан Бжьаниа ажәлар зегьы, аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Аԥсны аҩызцәа зегьы ирыдиныҳәалеит аныҳәа шьахә – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.

Абри ашьҭахь, аныҳәатә ныҟәара хацдыркит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Гәымсҭатәи Мрагыларатәи афронтқәа ԥасатәи реибашьцәа, ркомандирцәа. Зхы инаркны зшьапаҟынӡа бџьарла еибыҭаз аӷа иаҵкыс Аиааира марианы иаҳмоуӡеит. 413 мши ҵхи ицон ишьаарҵәыраз аибашьра.

Ихьамҭаз абарҭ амшқәа раан иааԥшит Аџьынџьтәыла асолдаҭ иреиӷьӡаз иҟазшьақәа – Аԥсадгьыл азиашара, ахамеигӡара ду, ахачҳара, агәаӷьра, афырхаҵара. Аӷа ииааира алыршахеит Нхыҵ-Кавказ Ареспубликақәа, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Приднестровие, Урыстәыла ақалақьқәа, ԥасатәи Аидгыла атәылақәа рҟнытә хатәгәаԥхарала иҳавагылан еибашьуаз, аҳәаанырцәтәи ҳадиаспора ахаҭарнакцәа ирыбзоураны.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны, аԥынгыла дуқәа шроуазгьы, хатәгәаԥхарала аибашьцәа Аԥсныҟа иаауан аԥсуа жәлар инарылагыланы ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчарц азы.

Урҭ рахьтә аӡәырҩы аиубилеитә парад иалахәуп.

Ашҭахь иааргоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟи Аиааира Абираҟи.

Арратә парад иалагоит апарадтә расчот аколоннақәа рныҟәарала. Атрибуна аҿаԥхьа ииасуеит атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи, иара убас Аԥсны Арбџьар Мчқәеи рыррамаҵзуҩцәа, актәи аҩбатәи амотохысратә баталионқәа рколонна. Убарҭ инарышьҭарххны Арбџьар Мчқәа ркоменданттә рота.

Убарҭ инарышьҭарххны Ахақәиҭра ашҭа иқәсуеит Аахыҵ-Уаԥстәыла атәылахьчара Аминистрра аррамаҵзуҩцәа. Апарадтә ныҟәара иацырҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа, иара убас аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи амилициа иреиҳаӡоу ашколи хаҭалатәи реилазаарақәа.

Анаҩс ашҭахь иааиуеит Аԥсуа ар ирымоу атехника.

Аныҟәара анҵәамҭазы авертолиотқәеи аҳаирпланқәеи Ахақәиҭра ашҭа иахыԥрааит.

Аиааира апарад хыркәшахеит «Ԥсра зқәым архәҭа» аныҟәарала.

Аԥсны Ахада, Арбџьар Мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниеи атәылахьчара аминистр аинрал-полковник Владимир Ануеи атрибуна илбааны, ашҭа иқәсыз архәҭақәа ркомандирцәа рахь рҿынархоит, ҭабуп ҳәа рарҳәеит рмаҵзуразы, апарад ибзиаӡаны рҽахьазыҟарҵаз азы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me