Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абаза фырхаҵа – Аԥсны

Агыр Альберт изы ажәа

«Дызусҭазаалак адунеи данаақәлалак, ажәҩан икыдлоит иеҵәахә, данԥслак – икашәоит», - рҳәоит.

Уи ҵабыргыҵәҟьазар ҟалап. Аха абзиареи аԥшӡареи рзы зыԥсы азҭаз ауаҩы иԥсҭазаара даналҵлак, ииаҵәа иаразнак икашәаӡом, иара ицымхәрас инхоит, ԥыҭраамҭак иҵегь икәалыкәаџьуеит, иԥхоит. Уи ауаа ргәы дахьынӡаҭоу, дахьынӡаргәалашәо иеҵәагьы каԥхоит. Зыԥсҭазаара уаҩҵас ишахәҭоу еиԥш изхызго рзы аеҵәа шаԥшаԥуа иԥхалашт. Ҳара шьхахьала иаацәырҵны иаҳхаԥхо игылоуп иахьа зыӡбахә сҳәарц исҭаху аҷкәын иеҵәахә. Уи иара идунеи иԥсаххьеит, икьаҿын уи иԥсҭазааратә мҩа. Зықәрахь инеины иԥсыз ԥыҭҩык ирылымшаз илшеит иара…

***

- Ҳара ҳаиқәлацәан, еицҳазҳаит, аҵара еицаҳҵон. Аха уи идунеихәаԥшышьеи ихәыцреи рыла ҳара дҳаиҳабызшәа акәын дшыҟаз ианакәзаалакгьы. Мап, уи аԥхьагылара дашьҭамызт. Имч ала дыӷәӷәазаргьы шьардаҩык ҳаасҭагьы, уи ихы иаирхәомызт. Иажәагьы, иҟазшьагьы ҭынчӡа ԥшьшьала акәын дшыҟаз. Ишыҟалалакгьы иарбан усзаалакгьы зегьы ҳаԥхьа дгылан. Иахьабалак даԥхьагылан. Иажәа деижьомызт, ииҳәаз наигӡозар акәын, дызлагаз аус аҵыхәтәанӡа инаимгӡо иаанижьуамызт, иҩыза изы аӡыршы дҭагыларц дыхиан  - рҳәоит Агыр Альберт аԥсуа қыҭаҿ ицызҳаз иқәлацәа.

- Уи даныхәыҷыз инаркны иани сареи ҳгәы иамыхәаша акгьы ҟаиҵаӡомызт. Ус зысҳәо зынӡа дҭынчӡа, дымҵысӡо, иҿы ааимыртуа, иаҳҳәо дахымԥо инакәызаалакгьы дҳазҵаауа дыҟан ҳәа акәым.

Мап, алеишәа ӷәӷәа иман, ииҳәоз ҳәан, аҟазшьа ҷыда иман, душьыргьы игәы иҭеикыз наигӡар акәын. Аҵыхәтәан уааԥшыр, иара ииҳәаз иашан. Убри иабзоураны игәра аагон, ҳгәы изхьуан. Сара схаҭа сизыразуп, иԥсы ахьынӡаҭаз зныкгьы амц сеимҳәеит. Амц иҳәеит знызаҵәык – Аԥсныҟа данцоз. Даҽаџьара усқәак рҵыхәала дцоит ҳәа ҳаиҳәеит иани сареи, ирласны дгьежьуеит ҳәа.

Сгәы бжьажьо, гәыҩмыҩрак сыҩнуҵҟа иҭалазшәа сааҟалан, исҳәара сзымдыруа сиазҵааит: «Убри зшьапы укыз аҩны аргылара ишыбжаҟаҵоу иныжьны уабадәықәлауа? Уалгар иахьуҭаху уцарын. Сара уеиҳа сзықәгәыӷуа дсымам. Убри узымдырӡои?» - сҳәеит. «Издыруеит, ҳаб иҳәахьеит, - ԥшьшьала днасыхәаԥшит, - сынхаӡом». Иашоуп, днымхеит. Аха… ауапа иқәыршәны дысзааргеит.

Уажәы сара акыр схәыцуеит: «Избан уи уаҟа дызцаз? Аԥсны еибашьуа акыр рырҭоит ҳәа ауҳәан-сҳәанқәа иаҳаны дцама? Мамзар, хаҵарак ҟаҵаны ихьыӡ рҳәарц иҭахызма? Аха сара издыруа сыҷкәын иакәзар, анигьы-аригьы дрышьҭамызт. Ишыҟоу ала, игәы дагеит, илахь дагеит… Сара сыҷкәын убри знык сахьижьаз азы шьҭа даҭасҵаӡом, ианасыжьит. Зныкгьы сгәы иҭашәомызт сирԥхашьап ҳәа, избанзар игәра згон. Убри иашаҵәҟьахеит, ирҵабыргит. Уахь дахьцаз акыр ыҟазар, анцәа илԥха иоуааит, - иҳәеит Альберт иаб Муҳамад.

- Сара саԥсыуоуп, Очамчыра араион аҟынтәуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы сара абра Московски аҳаблаҿ сынхоит. Абрахь исгәарԥханы саазгаз сашьа иоуп. Убригьы абраҟа дынхоит, Ҟәбинаа дрымаҳәуп. Агыр Альберт иҭынхацәақәак аҳаблаҿы инхоз рыҟны данааи ҳаибадырит. Убри инаркны ҳаиҩызцәахеит. Аԥсны аибашьра ианалага, сара иаразнак уахь сцеит, Альберт акгьы иасымҳәаӡеит. Убри азын нас ӷәыбӷан сиҭон. Абрахь зны мышқәак рыла сааны саныгьежьуаз иаргьы дсыццеит. Иара идагьы хҩык абратәиқәа ҳацны ицеит. Гәдоуҭа ҳаннеи дара аштаб ахь иназгеит. Альберт уа дынрыжьырц рҭаххеит, аха имуит. Сара сахьыҟаз Очамчыратәи агәыԥ ахь дрылалеит. Автоматгьы ихала «иԥшааит». Агәыԥ иаразнак дыргәаԥхеит уи: ахаҵара шилаз, аламыс шилаз ааирԥшит. Иааирԥшуа акәым, иара ус дааӡан. Уи зегьы бзиа дырбон, игәрагьы ргон. Ҳкомандир уск иманы џьара данцоз иара иоуп инижьуаз ихаҭыԥан. Усҟангьы ус ауп ишыҟалаз… - иҳәеит Альберт дызцәнымхоз ахәра хьанҭақәа ирхырҟьаны иԥсы анцоз азы, ешьас иҟаиҵаз аҵыхәтәажәа – ауасиаҭ зеиҳәаз аԥсуа ҷкәын Кәыҵниа Рамазан.

***

Мыркәыла ақыҭаҿ аибашьцәа ргәыԥқәа хԥа еиҿкаан. Урҭ руак аҿы дыҟан Альберт. Уи аҽны дара қәкыс ирыман аԥсуа қыҭаҿы зҭыԥ ылызхыз ақырҭцәа ирықәланы, ақыҭа ҭадырцәырц. Акомандир дыҟаӡамызт, аус анагӡара знапы ианыз Альберт иакәын.

Аҵх хьшәашәан, ишәшьын, ақәагьы маҷны алеира иаҿын. Убла иҭасуа иумбо илашьцан. Асааҭ хәба рзы агәыԥ қәылара ианцозгьы ацәылашара иаламгацызт. Аҷкәынцәа абџьар хьанҭа рыҟәнын, џьаԥҳаныла  иҭәыз рарҭмаҟқәа рызқәынҵа, еишьҭагыла, амҩахәасҭа ҭшәа ианыланы инеиуан. Ԥыҭрак инеихьан еиԥш, иаацәылашо иалагеит. Амҩахәасҭа аганқәа рҟынтә иубарҭан ахәқәа. Аԥсҭҳәагьы иаҳа-иаҳа иҵаӷахон.

Аҷкәынцәа реиҳараҩык ҿымҭӡакәа, дызусҭазаалакгьы акы дазхәыцуа инеиуан: урҭ иахьа аибашьра ӷәӷәа рзыԥшын, уи зегьы ирдыруан. Аибашьра – еибашьроуп, уаҩы даламӡкәа инхом. Абарҭ инеиуа аҷкәынцәа хазынақәа, аҷкәынцәа ԥшӡақәа рахьтә иахьа иҭахо, имгьежьуа шыҟало еилкаауп. «Иахьа иҭахо сара соума?», - ҳәа дызусҭазаалак дхәыцуазар ҟаларын… «Ашәара ззымдыруа ауаҩы» - анырҳәо, арҭ ажәақәа сара сзы иччархәуп, лафушәа ауп ишысныруа. Ашәара ззымдыруа агаӡа иоуп, ма зхы иақәиҭым акгьы ззеилымкаауа иоуп. Сара схаҭа ишәасҳәап: «Сара Аԥсны саныҟаз, раԥхьаӡатәи аибашьра саналаԥш, ана-ара ахысыбжьқәа адунеи зегь дырбго, ахқәа сывҟьо, арҭҟәацгақәа ааигәа иԥжәо ианалага, азнаказы, сшәа моу, сыԥсы схыҵхьан. Аиашазы, нас уи зегьы хәыҷы-хәыҷла уалашьцылоит. Аха, сара хык сықәшәаны сашьып ҳәа акәӡам сзыцәшәоз. Сара сзыцәшәоз, акы сыхьыр, бзиа сызбо, исызгәакьоу ауаа агәырҩа рысҭар ҳәа акәын.

Ҳәарада, сара усҟан исызцәырҵуаз ахәыцрақәа рҩызоуп Альберти иҩызцәеи амҩахәасҭа ианыланы қәылара ианцоз, раџьал ианаԥылоз изызхәыцуаз. Мамзар, рхаҵара, ргәымшәара акәу аҳаракыра ианхалоз уи ашьыжь ирзаауаз ахәыцрақәа?!

Агәыԥ сааҭк аҟара инеихьан еиԥш ҟьаҟьараны, ԥслымӡраны иаартыз ҭыԥк инықәлеит. Ана-ара аҵла кьаҿқәа ирызҳауан. Егьа аԥсҭҳәа маҷк хызаргьы, уааигәара иҟоу улаԥш еилнакаауа ишахьан. Аброуп зегьы ахьыҟалаз.

Альберт зегь раԥхьа дгыланы днеиуан. Урҭ инеираны иахьыҟаз аҿынӡа ԥыҭк набжьан. Иаргьы игәиҽанӡамкәа дышнеиуаз ибла иааҵалаз агәра изымго дааҟалеит, иаԥхьаҟа ихарамкәа ақырҭцәа рҽыҵәахны иштәаз гәеиҭеит. Еиликааит шьҭа изықәшәаз, акы азхәыцха аамҭа имоуит. Дызхьӡаз акоуп: иавтомат дара рахь ахы рханы ахқәа рыжәиҵарц. Иарма шьап акы иаблит, дзықәымгыло иалагеит. Данкаҳа ашьҭахь, ишьапы иацәцоз ашьа ԥхаӡа ишлеиуаз аниба еиликааит дшырхәыз. Уи ҵла хәыҷык ашьапаҿы дышьҭан.

Ихы маҷк иаашьҭихын, данынаԥш, ана-ара адгьыл рҽеиуатәны ихысуа иалагаз иҩызцәа џьоукы гәеиҭеит. Ақырҭцәа рахьтә акырцх еиԥш илеиуан ахқәа. Апулемиот, автомат, аснаипер хысбыжьқәа улымҳа дырдагәон, аиҩхаа ҭдырцәажәаауан.

«Абри иахьаарту аҭыԥ аҿы зегьы ҳаршьаанӡа абас ҳашьҭазаауама? Акы ҟаҵатәуп, иаарласны акы ӡбатәуп» - ҳәа игәахәит Альберт.

Уи зыҵаҟа дышьҭаз аҵла хәыҷы уеизгьы ҽыҵәахырҭас ҳәа акгьы иаԥсамызт, ахқәа ихҵәаны инкарыжьит. «Иҟасҵалакгьы агәыԥ абри аҭыԥ аҿынтәи иқәгатәуп, рхы ԥхьакырҭак ԥшаатәуп, мамзар…».

Шьҭа, уи акәымзар, аӡәгьы деибганы дшымгьежьуа дыруп. Аха иабаҟоу аҽыҵәахырҭа? Арымарахь уцар ҟалаӡом, аминақәа ыҵоуп. Уарӷьаралагьы узцом, шьҭахьлагьы узыгьежьӡом, анахьгьы-арахьгьы анапсыргәыҵа еиԥш иаартуп аҭыԥ. Абра Альберт ихшыҩ мацәысраны иааҭагьежьит: уԥсы нымхозар, уаӷа иҭархара ԥсыхәа амазар, ухы уамеигӡакәа фырхаҵарала ухы ақәҵа. Уи иавтомат арожок ҿыц аҭаны, гәышԥыла дышьҭалан, адгьыл иҽеиуатәны, иеиқәырццакны ахысра далагеит. Ашыра иалаз аҷкәын изгәамҭаӡеит иарӷьа шьапгьы шырхәхьаз. Маҷк аганахь днаскьаны, еиҳа иманшәаланы дхысырц азы данеиха ауп ихьаа ибызбызуа, имцаха ихшыҩ аҿынӡа ианнеи, иус зеиԥшразгьы анеиликаа. Аха абра имчқәа ааидкыланы, днышьамхышгыланы ихьшагьы дазымхәыцкәа иавтомат аԥынҵа неига-ааигауа мацара ахқәа ақырҭцәа рахь ирханы рҭырҟьара далагеит. Уи, ахы игәаҵа ианҭашәа, илакыҵ лашьцахо, иԥсы шилышәшәозгьы ахысра даҿын…

Альберт чықь хәыҷқәак ршьапаҿы дшышьҭаз, иԥсы ааит. Иара иаҳауан ахысбыжьқәа иаҳа имаҷны. Иблақәа анааирт ибеит Кәыҵниа Рамазани, Адлер аҟынтәи аказак ҷкәын Сергеии.

- Иамуӡеит, Рома, ҳусқәа маншәаламхеит, - иҳәеит уи, аарлаҳәа ибжьы ицаз мчыла иааго.

- Уҽумырҵысын, ҭынч ушьҭаз, зегьы бзиахоит, - иҳәеит Рамазан.

- Ҳаҷкәынцәа еибгоума? – дҵааит Альберт, иҩыза иажәақәа рҵакы ихахьы имгакәа.

- Ааи, еибгоуп. Иумаҳаӡои рхысбжьқәа? – иҳәеит аԥсуа ҷкәын, ахәра ӷәӷәа змоу иҩыза игәы ирҭынчразы. Уи зҳәоз иаргьы ишьапы хәын, рганаҿ ишьҭаз Сергеигьы хыџьара дырхәхьан.

- Саҭашәымҵан, сара уаҳа сылшом ари арыцҳара шыҟалаз атәы алацәажәара.

Ари агәыԥ иалаз ҩажәи жәаҩа ҩык рҟынтә жәаа-ҩык ҭадырхеит. Иаанхазгьы ахәра змоуз ҳәа аӡәгьы дыҟам. Ус ишыҟазгьы иҭахаз рҩызцәа рыԥсыбаҩ уа инырмыжьӡеит, ақырҭуа фашистцәа рнапаҿы иҟаларатәы инымхеит. Абра ари аҽны Аԥсны ахақәиҭраз зхы ақәызҵаз аԥсуа, аурыс, аҟабарда ҷкәынцәа доусы дахьиз идгьыл гәакьаҿ анышә дамардеит. Урҭ дрылан Тҟәарчалтәи, ҩажәи быжьба шықәса рыда зызнымҵаз асанинструктор апоет Саида Делԥҳагьы…

- Ҳара ихәлаанӡа уаҟа аԥслымӡраҿы ҳашьҭан, -  игәалашәоит Кәыҵниа Рамазан. – Убраанӡагьы Альберт иԥсы ҭан. Ахәылԥаз асааҭ быжьба рзы ауп иԥсы анихыҵ. Гәынамӡарак аныԥшуамызт уи ихиҿы.

Иԥсы цаанӡа снапы ӷәӷәаӡа иааникылеит, хьаа дук зныԥшуаз иблақәа рыла ириашаны дсыхәаԥшуа абас иҳәеит: «Рома, сашьа, сара уажәы абри аамҭазы уара уда суасиаҭ засҳәаша даҽаӡәы дсымам. Уааӡырҩы. Иҟасҵаз акгьы хьаас исымам, сахьхәуам. Сыԥсҭазаара аҵкыс хәы змоуз даҽа акы сымазҭгьы, самеигӡакәа ҳашьцәа шәзы иасҭон.  Сызлауҳәо абри ауп: сыԥсыбаҩ абра ишышьҭоу инумыжьын, сани саби ирызга. Сшаҭарымҵашагьы усызрыҳәа. Абри ссааҭгьы ганы унапы иамӷаҵа, уареи сареи ҳаешьара иадырганы иныҟәга»… Абар снапы иахьахоу Альберт исааҭ…

Иҩыза иуасиаҭ аҵыхәтәанӡа инаигӡеит Рамазан: уи иара дышхәызгьы, изшьапык шимыхәозгьы, дҳәазо мацара Альберт иԥсыбаҩ алигеит. Агоспитальгьы дырзышьҭамҵеит, акостыльқәа кны, Аԥсуа қыҭа дрыцны дааны иара инапала анышә дамеидеит.

***

Гагра ааигәара аибашьрақәа цон. Уаҟа еибашьуаз абаза ҷкәынцәа срызцеит ҽнак. Исгәалашәоит, урҭ руаӡәк (исцәеиламгозар, Албыраантәуп, Ганшоҟәа Али иакәхап) абас сеиҳәеит:

- Ишсаҳаз ала, ҳҭаацәагьы ҳусурҭақәагьы ааныжьны, ҳхатә усқәагьы ишбжаҟаҵаз икажьны ҳашьцәа ҳрыцеибашьырц абра ҳахьааз азы уахь џьоукы ҳгаӡаны ҳрыԥхьаӡоит, иаҳхыччоит.

- Иҟаларгьы ҟалап зхатә ус ада ари адунеи аҟны акгьы иашьҭам, зымгәа иазҳаз, зҟаԥҵә кылшьшьы, зыхьтәы хаԥыцқәеи зимпорт машьынақәа рԥенџьыр зхы кылзырԥшуеи, ҵарҭышала «аԥара ҟаҵо» идәықәу џьоукы шәхыччарц, - сҳәеит сара.

«- Аха дара роуп шьыжьы инаркны хәлаанӡа изхыччатәу, аччархәқәа. Ҳара ҳажәлар ахаангьы ишәхыччашам, инакәызаалакгьы  ргәадурақәа шәоуп. Ҳажәлар рхы иладухашт (илаҽхәоит) Агыр Альбертгьы. Уи иҩны ибжаҟаҵаны инхазаргьы, ауаҩы уалс иду наигӡеит. Абри адунеи аҟны имаҷым азалымдарақәа ахьыҟоу, изызҳауа абиԥарақәа рымҩа арлашоит, хаԥхьаҟа игыло иара иеҵәа – афырхаҵара, апату, аламыс рыеҵәа акәны.

Иацҵаны исҳәаша абри ауп: ҵыхәаԥҵәара змам еибашьракгьы ҟамлацт. Аԥсынгьы аибашьра знымзар зны еилгашт. Излеилгашагьы аиааиралоуп, сара схаҭа уи агәра ганы сыҟоуп.


Мыхц Қьарым

Агазеҭ «Абазашҭа»

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me