Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Аслан

Аслан

Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара ҭагалантәи изаамҭанытәу аилатәара. Аилатәара аартын Аҧсны агимн арҳәарала. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан жәиҧшь зҵаара. Урҭ рахьынтә ҩ-зҵаарак ииаган иааиуа егьырҭ аилатәарақәа рышҟа, иҵегьы аус адуларазы.

Жәлар Реизара адепутатцәа аусура иалагеит акадртә зҵаарақәа рыӡбарала. Маӡалатәи абжьыҭарала Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩцәас ишьақәырҕәҕәоуп Екатерина Адлеиҧҳаи Беслан Берулааи. Иара убас акадртә зҵаарақәа рыӡбараан аконтрольтә палата аудиторс дшьақәырҕәҕәан Инга Чыркба. Уаанӡа апалата аудиторс иҟаз Беслан Кәыҵниа хатәгәаҧхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны ихы дақәиҭтәын.

Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҧсны астатистиказы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара дырҧылеит. Абри аанацҳауеит Аиҳабыра Реилазаара апресс-маҵзура.

Аҧсны астатистиказы аҳәынҭеилакы аиҳабы Кама Гогиа октиабр 19 рзы Москва лыҟазаара алҵшәақәа дрылацәажәеит, иара убас Аҧсны астатистиказы аҳәынҭеилаки Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистиказы афедералтә маҵзуреи рнапхгарақәа рнапы зҵарҩыз ашәҟәы инақәыршәаны еицымҩаҧыргараны иҟоу аусмҩаҧгатәқәа рплан дазааҭгылеит.

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аиформациатә агентра «Спутник Абхазия» аҟны ахҳәаа азыҟаиҵеит В. Зеленски Ҟрым аӡбахә дахьалацәажәоз Аҧснгьы ахьигәалаиршәаз иазкны.

«Владимир Зеленски, украинатәи амчрақәа Ҟрым архынҳәразы, дара ртәала, ирымоу агәҭакы иазкны игәаанагара ахьиҳәоз Аҧснгьы игәалаиршәеит. Украина Апрезидент даҽазныкгьы аҭоурых ҽеила ишизымдыруа ааирҧшит, насгьы иаартны апровокациа ҟаиҵоит», иҳәеит И. Арӡынба.

Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа атәылауаа аррамаҵзура ашҟа ааҧхьара рыҭареи аруаа ҧхьатәара рышьҭреи иазку аусмҩагатәқәа ишахәҭоу ала рымҩаҧгара ахылаҧшра аҭаразы анапынҵақәа рыҭоуп.

Аҟәатәи ақалақьтә Еизара аилатәараҿы уи ахантәаҩы Иракли Харчлаа инапынҵақәа рынагӡара аҿҳәара ииасаанӡа имаҵура ааныжьразы арзаҳал рыдигалеит.

Иколлегацәа – ақалақьтә Еизара адепутатцәа аусураҿы ирҭоз адгылара азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Исыдыскылаз аӡбамҭа ишәа-иза сазнеит, уи акыр зҵазкуа ҭагылазаашьоуп сара сзы, амала сдепутаттә уалҧшьа анагӡара иацысҵоит, агәра згоит Аҟәаа ирыхәаша ала аусура сылсыршап ҳәа», – иазгәеиҭеит Иракли Харчлаа.

Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәьынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа ауааҧсыра ачарақәа аныруа аамҭазы амҩатә ҧҟарақәа рықәныҟәара ахылаҧшра ҷыда анаҭалоит.

Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иазгәарҭеит ҷыдала аусмҩаҧгатәқәа аҭахны ишыҟалаз ачарақәа раан амҩан еишьҭагыланы ииасуа амашьынақәа рыҧсҟы зку иҽеим рхымҩаҧгашьа афактқәа аҭыҧ ахьрымоу иахҟьаны, насгьы абџьар ахархәарала ишабалак иахьхысуа азы.

30 шықәса раҧхьа

Жьҭаара 28, 2022

30 шықәса раҧхьа – октиабр 22 рзы ақырҭуа гвардиа аруаа Аҧснытәи архив хадеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститути (иахьа – Аҧсуаҭҵаара анститут) рыблит.

Октиабр ҩеижәиакы рзы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны аконкурс «Аҧсны агәадура – 2022ш.» иалахәыз рахьтә аиааира згаз хҩык алкаахеит. Актәи аҭыҧ ааникылеит Валери Џьынџьал. Уи ипроект ашколхәыҷқәа рыбжьара ихадоу амедицинатә дыррақәа раларҵәара иазкуп. Аҩбатәи аҭыҧ даҧсахеит Гал араион ашәахтә инспекциа аусзуҩы Лев Буава. Уи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аусшәҟәқәа реикәыршара ацифровизациа иазкыз апроект рыдигалеит. Ахҧатәи аҭыҧ лгеит Россотрудничество Аҧсны иҟоу ахаҭарнакра аусзуҩы Руслана Гергедаа. Уи лпроект аҿартә политика аҿиареи анагӡареи иазкуп.

Ихьуаз ачымазара иахҟьаны ааигәа иҧсҭазаара далҵит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Илиа-иҧа Маланӡиа.

90 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит аҭоурыхҭҵааҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара аветеран Ермолаи Кьасыгә-иҧа Аџьынџьал.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me