Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит

Ихьуаз ачымазара иахҟьаны ааигәа иҧсҭазаара далҵит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Илиа-иҧа Маланӡиа.

Аҵарауаҩ Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет абиологиа-географиатә факультет далгеит. 1985-1988 шш. раан абиологиеи ахимиеи рырҵаҩыс аус иуан Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. Киевтәи аҳәынҭқарратә университет аспирантураҿы иҵара хиркәшеит.

1991 ш. Украина аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа азоологиа аинститут Ахеилак аҟны адиссертациа ихьчеит, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихҵан. 1989-2001 шш. раан Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны еиуеиушым амаҵурақәа ныҟәигахьан, қәҿиарала аҵара-ааӡара аус инапы алакын. Абиологиа-географиатә факультет адеканс аус иуан, 2002 ш. инаркны – аҵара ахәҭазы аректор ихаҭыҧуаҩс, ашьҭахь ауниверситет актәи апроректорс дыҟан.

Виктор Маланӡиа иҧсыжра аиҿкааразы, Аҧыза-министр идҵа инақәыршәаны, ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа ихантәаҩрала иаҧҵан аҳәынҭқарратә комиссиа.

Октиабр ҩеижәиакы рзы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аекологиеи, ауаҩи аҧсабареи ршәарҭадара жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент, К. Е. Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонавтика аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Мензбировтәи аорнитологиатә еилазаара алахәыла, апрофессор Виктор Илиа-иҧа Маланӡиа.

Аҵарауаҩ иҧсыбаҩ зҭаз аҭоубыҭ ықәыргылан Аҟәа, Арҵаҩы иҩны аҟны. Виктор Илиа-иҧа Маланӡиа наӡаӡа ҳәа иарҳәарц уахь инеит атәыла анапхгара, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, аҵарауаа, астудентцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, араионқәа рҵара аҟәшақәа рхаҭарнакцәа, ауацәа, аҭынхацәа, аҩызцәа.

Алахьеиқәҵаратә митинг ааиртит, егьымҩаҧигон ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа. Анаҩс дықәгылеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар. Уи инарҭбааны дазааҭгылеит Виктор Маланӡиа иҧсҭазааратә мҩеи иусуреи. Аҵарауаҩ иҧсҭазаара иалҵра аҧсуа ҭҵаарадырра, ауниверситет, атәыла зегьы азы шцәыӡ дуу азгәарҭеит иара убас ААУ апедагогикеи аметодикеи ркафедра аиҳабы Алықьса Касланӡиа, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, аҧышәарҭатә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт аиҳабы Зураб Амқәаб, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Борис Тунеев, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аботаникатә институт аиҳабы Едуард Гәбаз, аҳақьым-реаниматолог Дамеи Занҭариа.

Аҵарауаҩ иҧсҭазаара иалҵра инамаданы ААУ аректори аҭаацәеи рыхьӡала Аҧсны анҭыҵынтәи иаашьҭыз адышшыларақәа дрыҧхьеит ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаб.

ААУ аректор ихьӡала адышшыларақәа аашьҭын: М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет, Уралтәи апедагогикатә университет, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу А.К. Тимботов ихьӡ зху аекологиеи ашьха ҳаракырақәеи ринститут, В.М. Коков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет; Приднестровиетәи, Аахыҵ-Уаҧстәылатәи, Адыгатәи, Ҟарачы-Черкесиатәи аҳәынҭқарратә университетқәа уҳәа рҟынтәи. Хаҭалагьы аӡәырҩы адышшыларатә телеграммақәа аарышьҭит.

Виктор Маланӡиа анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Тамшь.

Хашҭра иқәымзааит зыҧсҭазаара зегьы зыҧсадгьыли зыуаажәлари рымаҵ аура иазызкыз аҵарауаҩ.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me