30 шықәса раҧхьа

30 шықәса раҧхьа – октиабр 22 рзы ақырҭуа гвардиа аруаа Аҧснытәи архив хадеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститути (иахьа – Аҧсуаҭҵаара анститут) рыблит.

Аҧсны архив хада ацәыӡ дуӡӡа аиуит. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа инаркны Аҧсны иҭыҵуаз агазеҭқәеи, ашәҟәқәеи, афондқәеи, архивтә материалқәеи зегьы реиҭашьақәыргылара амуа амца иалаблит. Ажәытәӡатәи апериод афондқәа рҿы иҟан 17-нызықь инарзынаҧшуа аҵәахра иазкыз аматериалқәа. Арҭ афондқәа рматериалқәа ирныҧшуан Аҧсны Урыстәыла адлара иазкыз аматериалқәа рҭоурых, аграртә зҵаара, ақыҭауаа адгьыл аиуразы рықәҧара, ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа, ажәлар рҵарадырра ауси агәабзиарахьчареи, аҧсуаа рҵасқәеи рқьабзқәеи, Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра рыбзазареи, адинхаҵара иаҵанакуаз аматериалқә уҳәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа змаз.

Ибжьаӡит иара убас асовет аамҭазтәи Аҧсны иазку архивтә фондқәеи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку аматериалқәеи.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me