Ермолаи Аџьынџьал диит 1933 ш. ииун 28 рзы Очамчыра араион Ҧақәашь ақыҭан. Ҧақәашьтәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь аррамаҵура дахысуан. 1957 ш. рзы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҧсуа-аурыс ҟәша. Иреиҳау аҵараиурҭа далгоит 1961 ш. рзы.
Еиуеиушым ашықәсқәа раан аус иуан Тҟәарчалтәи аҩбатәи ашахтаҿы, Очамчыратәи араионтә газеҭ «Акоммунизм ахь» («Ерцахә») аредакциаҿы. Аҟәаҟа даниас – аус иуан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Абжьаратәи ашәышықәсақәа рыҟәша аиҳабыс дыҟан, акыр шықәса инеиҧынкыланы аҭҵаарадырратә усура мҩаҧигон, илагалагьы маҷым.
1960-тәи ашықәсқәа инадыркны ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын. 1995 ш. нахыс аусура далагеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы аҭҵаарадырратә усзуҩыс.
Аҵарауаҩ аҧсуаҭҵаараҿы илшамҭақәа рацәоуп, ҷыдала аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыҭҵаараҿы. Икьыҧхьымҭақәа ыҟоуп иара убас жәларбжьаратәи азин иазкны. Е. Аџьынџьал инапы иҵихыз жәларбжьаратәи азин азҵаатәы иазку истатиақәа иахьагьы актуалра рылоуп, азхаҵарагьы роухьеит. Аҭҵаарадырҩцәа рыҩнуҵҟа ибзианы ирдыруа иреиуоуп: «Аҭоурыхтә аҧсуаҭҵаара аҧыжәарақәа», «Аҧсуа ҳәынҭқарра аҭоурых аҟнытә», «Аҧсны адинхаҵара аҭоурых аҟнытә».
Асовет аамҭазы акәзар, «Вестник древней историй» ианылахьан еицырдыруа истатиа «Об одном аспекте ранневизантийской дипломатии на Кавказе». Авторс дрымоуп акымкәа-ҩбамкәа хазы иҭыҵхьаз ашәҟәқәа.
Ермолаи Аџьынџьал Аҧсны Жәлар Реизара аҩбатәи ааҧхьара адепутатс дыҟан. Иҭҵаарадырратәи иуаажәларратәи усуразы ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.