«Аҧсны агәадура – 2022 ш.» аҟны

Октиабр ҩеижәиакы рзы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны аконкурс «Аҧсны агәадура – 2022ш.» иалахәыз рахьтә аиааира згаз хҩык алкаахеит. Актәи аҭыҧ ааникылеит Валери Џьынџьал. Уи ипроект ашколхәыҷқәа рыбжьара ихадоу амедицинатә дыррақәа раларҵәара иазкуп. Аҩбатәи аҭыҧ даҧсахеит Гал араион ашәахтә инспекциа аусзуҩы Лев Буава. Уи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аусшәҟәқәа реикәыршара ацифровизациа иазкыз апроект рыдигалеит. Ахҧатәи аҭыҧ лгеит Россотрудничество Аҧсны иҟоу ахаҭарнакра аусзуҩы Руслана Гергедаа. Уи лпроект аҿартә политика аҿиареи анагӡареи иазкуп.

Аконкурс аҿы аиааира згаз аплатформа «Аҧсны аҧеиҧш» ашьаҭала аҧышәа аиураҿы, азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра апрограммақәа рахысраҿы ацхыраареи адгылареи рыҭахоит.

Раҧхьаӡа акәны аконкурс мҩаҧган 2020 шықәсазы, усҟан уи алахәхаразы 150-ҩык рарзаҳалқәа алаҵан.

Аихшьаалақәа рышьҭахь аӡбаҩцәа аиааира згаз хҩык алыркааит. Урҭ аҧышәа аиуреи рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхреи, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа иҧхьагылоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵарадырратә курсқәа рахысреи рзы алшара роуит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me