Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Аслан

Аслан

Имҩаԥысит Аԥсны аҭҵаарадырақәа Ракадемиа 2023 шықәсазтәи аусура аихшьаалатә еизара. Аизара аартуа ААР апрезидент, академик Зураб Џьапуа дырзааҭгылеит иарбоу аҿҳәаразтәи академиа аусура.
Ажәахәқәа рыҟаҵара иалагаанӡа, уи иалатәаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит, иаҳхысыз ашықәс азы здунеи зыԥсахыз аԥсуаҭҵааҩцәа: Руслан Барцыц, Алеқсеи Чачаков, Иуана Шамба, Имархети Калаџьиан – Еремиан.


«Адунеи зегь ианыруа, аԥсуаа рыҷкәынцәагьы злахәу Донбастәи аибашьра адунеиеибаркыра ахаҭа аԥсахыр алшоит. Ус шакәугьы Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин иҳәеит: анаука аҳәынҭқарраҿы ихадоу аҭыԥ шаиуа, уи ада аҿиара шыҟамло. Убри инаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар аԥсуа академикцәа, аҵарауаа иҵегьы азхьаԥшра рымазар ахәҭоуп.
Академиа апрезидиум аҿы аиҿкаара ҳаҿуп академиа аексперттә комиссиа ду, аҳәынҭқарра ахырхарҭақәа, аспектқәа зегь абызшәа аҿиара, адемографиа, ақыҭанхамҩа, аҵара, акультура, атуризм зегьы рҿы адырра ҿыцқәа шьаҭас иҟалароуп, урҭ зырҿио анаука ада акгьы ыҟаӡам. Анаука ҿиарцазы иҭышәынтә́алоу аҭагылазаашьа ыҟазароуп».

Хымԥада иаԥҵатәны иҟоуп академиазы азакәан. Академиа астатус, ароль, азинқәа, насгьы анаука афинансқәа разшәашьа аформа ҿыцқәа рыԥшаара. Иахьазы академиа асистемаҿы аус руеит ахырхарҭақәа хԥа. Урҭ зегьы ҳҳәынҭқарразы иактуалтәу азҵаарақәа ирызкуп.
Аԥсны Ахадара гәыкала, еилкаарала академиа иазыҟоуп, аҽа зҵаароуп амилаҭтә лшарақәа. Уи зырҵабыргуа хҭысуп уажәааигәа Аԥсны Ахада иҿы аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аԥҵара. Насгьы анаука адгыларазы афонд аиҿкаара ахацыркра», ҳәа азгәеиҭеит Зураб Џьапуа.Иажәахә ахыркәшамҭаз Академиа иҭнажьыз ахьтәы медал ианаишьеит сынтәа 95 шықәса зхыҵыз, раԥхьатәи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2023 шықәсазтәи арусура, аихшьаалақәа ҟаҵо Зураб Џьапуа аҳаҭыртә шәҟәқәеи апремиақәеи ранаишьеит еиҳа аихьӡарақәа аазырԥшыз аҵарауаа: Виачеслав Чирикба (12 статиа икьыԥхьит, урысшәала, англыз бызшәала). Аслан Аҩӡба ашәҟәқәа реиқәыршәареи, аредакторра рзуреи рзы, Инварби Екба – иикьыԥхьыз астатиақәа рзы, Аиба Лиосик ашәҟәқәа рҭыжьразы. Аспирантцәа ҿарацәа Давид Арӡынба, Валери Аџьынџьал, Радион Аҩӡба, Алиса Матуа, Алеқсандр Гәлиа, Маиа Цибулевскаиа, Алиса Аҳәба уҳәа аӡәырҩы рџьабаақәа алкаан иазгәаҭан. Адипломқәа ранашьан Ирма Аиба, Давид Аӡынба, адиссертациа зыхьчаз.

Аизараҿ ажәахә ҟазҵаз Аԥсны академиа амаӡаныҟәгаҩ Валентин Кәаӷәаниа дазааҭгылеит ҳҵарауаа рлагала, 2023 шықәса азы ирылдыршаз. Уи иҳәеит, Аԥсуа академиа аханатә ишьҭнахыз аныҟәашәа еиҳа-еиҳа еихаҳауа ишааиуа. Аԥсуа науказы аҿар реиҵааӡара ахшыҩзышьҭра ду азууп. Ҵыԥх жьҭаарамза 4 рзы Академиа алхра ҿыцқәа аан иакадемикцәахеит: Зураб Амқәаб, Алықьса Касланӡиа, Анатоли Марколиа, Лили Ҳагба. Алахәыла корреспондентцәахеит: Валери Бигәаа, Аслан Аҩӡба, Лали Коӷониа, Омар Маан. Иара убас ихҭыс духеит жьҭаарамза 30 рзы акыр жәашықәса лҵшәала аус зуа академиа апрезидент Зураб Џьапуа ҿыц иалхра. Ҳҵарауаа Аԥсни аҳәаанырцәи иҭыҵуа аҭҵаарадырратә журналқәа ирымадоуп. Ҳҵарауаа 2023 шықәсазы ажәахәқәа рыла рхы рыладырхәит Аԥсни, Урыстәылеи (Даӷьстан), Ермантәылеи рҟны имҩаԥыргоз аҭҵаарадырратә форумқәа. Уи иабзоураны адунеи иабоит ҳҵарадырра алаԥшҳәаа. Уаҟа аԥыжәара рымоуп: Сослан Салаҟаиа, Диана Ԥлиа, Арда Ашәба, Маиа Цибулевскаиа, Ирина Попова, Алиса Матуа уҳәа убас егьырҭгьы. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт ҵыԥх имҩаԥнагеит аҭҵаарадырратә форумқәа жәба рҟынӡа. Академиақәа хԥа рҿы аус рыдырулон 115-тема, урҭ рахьтә иахьа 37-тема хыркәшоуп.
Аихшьаларатә еизараҿы ажәахәқәа рыла иқәгылеит академик-маӡаныҟәгаҩ Лиосик Аиба, аҵарауаа: Анатоли Марколиа, Заур Шьалашьаа, Инварби Екба, Едуард Гәбаз.
Аихшьаларатә еизараҿы ирымоу аихьӡарақәа инрываргыланы иазааҭгылан иара убас ҳҵарауаа ирымоу апроблемақәагьы. «Аботаникатә институт анапхгаҩы Едуард Шамиль-иԥа Гәбаз иқәгылараҿ иҳәеит: «Анаука иара ахала изыҟалаӡом, аҳәынҭқарра аҟнытә адгылара аҭахуп, даара ицәгьоуп Аԥсуаҭҵаара аинститут аҭагылазаашьа, асубтропикатә дендропарк акәзар ацхыраара аҭахуп. Аԥсны иҳамоу аинститутқәа СССР иацәынхаз роуп, иҳагу уаҵәы ашҟа ахыгара аҭахым. Аԥсны иҳамоу аинститутқәа адунеи аҿы иззымдыруа аӡәгьы дыҟаӡам. Аус зуа ҳҵарауаа рыҩаӡара ҳаракуп, Урыстәыла аума, Европа аума ирываургыларатәы иҟоуп. Аихьӡара ахьҳамам изхароу амамзаара ауп. Ҳарҭ есымша аиҳабыра рылаԥш ҳхызароуп. Урыстәыла иахьа аибашьра шаҟа мал ақәнарӡуа жәбоит, аха анаука гәыгәҭажьны иҟаӡам. Ҳара ҳаҿгьы ари азҵаара хаданы иқәҳаргылароуп».
Аихшьаларатә еизара хыркәшо аҭҵаарадырра академиа 2023 шықәсазтәи аусура ибзиоуп ҳәа ахәшьара арҭеит.

Наира Сабекиа

Ашаеҵәа иадыркылоз

Хәажәкыр 21, 2024

Абаҩхатәра злаз иналукааша аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Абри арыцхә иазкны уи данииз амш – март 13 рзы аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥыргеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекеи.
Ахәылԥаз ахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультуреи, аҟазареи, аҵареи русзуҩцәа, зиубилеи азгәарҭоз иҭынхацәа, иара убас астудентцәа, ашколхәыҷқәа, апоет ирҿиамҭақәа бзиа избо аӡәырҩы.

Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ливан еиҿкаау «Ачерқьестә ассоциациа» ахада Риад Цыба зхадараҿы дыҟоу Ливантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа идикылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥс­а­дгьыл ахь рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Нарсоу Салаҟаиеи злахәыз ари аиԥылараҿы агуманитартә хырхарҭа уҳәа егьырҭ азҵаарақәа рыла Аԥсни Ливантәи адиаспореи русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы ирымоу алшарақәа ирзааҭгылеит.
«Акыр шықәса ҳаиҟәыҭханы ҳшыҟазгьы, ҳабацәеи ҳабдуцәеи рыдгьыл аҭааразы алшара шҳамамызгьы, ҳара есымша Аԥсны имҩаԥысуа зегьы ҳрызҿлымҳан. Уажәы амҩақәа анааты, алшара ҿыцқәа анцәырҵ, иаҳҭахуп Ҳаԥсадгьыл иахәаша џьара акы ҟаҳҵарц», - ҳәа Аԥыза-министр аԥсшәа иаҳәо, иазгеиҭеит адиаспора аԥыза Риад Цыба. Ахәҭакахьала, Алеқсандр Анқәаб ауаажәларра рыхдырраҿы, иара убас аҳәынҭқарра анапхгара инарыгӡо аполитикаҿы адиаспора аусацура хадара злоу ахықәкқәа ишыруаку азгәеиҭеит. Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ареспублика анапхгара ҳаԥхьаҟагьы аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рымадареи аус рыцуреи иазхиоуп.

Ааигәа Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан зҵаарак, анаҩс иҟан еиуеиҧшым егьырҭ азҵаарақәагьы.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, адепутатцәа идирдырит еиуеиҧшым азҵаарақәа рыла ишалаго аилатәара.

Абна ԥсабара Адунеизегьтәи амш есышықәса иазгәарҭоит март 3 азы. Уи хықәкы хадас иамоу абна афаунеи афлореи рызҵаарақәа рганахьала ауаажәларра ирымоу адырра аизырҳара ауп.
Аԥсны зеиуахкыҟаӡам аԥсабара, уи аекологиатә проблемақәа, урҭ рыӡбашьа амҩақәа дрылацәажәеит Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҟны Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аиҳабы, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет раԥхьатәи апроректор Роман Дбар.
– Роман Саид-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәа ҳтәыла ԥсабаратә ҷыдарақәас иамоу?
– Аԥсны азҟазшьагәаҭоуп иҳараку азеиԥшбиологиатә, аекологиатә, аҳауатә еиуеиԥшымзаарала. Ари рнубаалоит аҵиаақәа рыхкқәа, аԥстәқәа рырацәара, иара убас атәыла иахыԥраауеит аԥсаатәқәа рмиграциатә мҩадуқәа руакгьы. Абри инаваргыланы, Аԥсны адунеи зегьы иаҟәыҭхоу дгьылбжьахам, абри аҟнытә ҳара иаҳныруеит апланета зегьы азы иҟазшьарбагоу аекологиатә проблема хадақәа. Урҭ иреиуоуп аҳаир аҟьашьра, аҳауа аҽыԥсахра, ҭыԥк аҟнытә даҽа ҭыԥк ахь ииасуа ахкқәа рхыԥхьаӡара амаҷхара, убрахь иналаҵаны аԥсаатәқәа уҳәа ахәаҷа-маҷақәа рыхкқәак.
– Иарбан хкқәоу Аԥсны аныӡаара ахықә аҟны инеины иҟоу?

– Аҵиаақәа ртәы уҳәозар, ҳара ҳҟны шәкы инареиҳауп џьара мацара изызҳауа, аендемикқәа ҳәа изышьҭоу аҵиаа жәлақәа. Хадаратәла, урҭ уԥылоит Гагратәи Бзыԥҭатәи ашьхарԥырақәа рҿы. Апроблема амҽхак заҟароу еилаҳкаарц азы иаазгоит ҿырԥштәык: иааидкыланы хкык адунеи аҟны иамҽханакыр ауеит рацәак идуум уадак аҟара, ҿырԥшыс иаагозар, аҵәҵәа сахьа змоу ашәҭ, мамзаргьы Гегатәи аӡхыҽҽа. Ус еиԥш иҟоу аҭыԥқәа ҳара ҳҟны имаҷӡам. Проблемас иҟоу убри ауп, урҭ даара иуашәшәыроуп, ирыхӡыӡаалатәуп, уи моу ауаҩы дазымхәыцӡакәа, ихы-игәы иҭамкәа иааидкыланы хкык зынӡаск адунеи ианыӡаауа иҟаиҵар ауеит.
Аԥстәқәа рыҩнуҵҟа абас еиԥш иуашәшәыроу ахкқәа рахь иԥхьаӡатәуп, раԥхьаӡа иргыланы рацәак зымҽхак змырҭбаауа организмқәак, ҿырԥштәыс иаагозар, аҳаԥқәа рыҩнуҵҟа зхы ныҟәызго. Адырреи азхәыцреи имамзар, анхамҩа знапы алаку ауаҩы изгәамҭаӡакәа Адгьыл аҿы хкык аҭархара илшоит. Абри ҟамларц азы ианыӡаауа аҵиаа хкқәа инарҵауланы рыҭҵаара аҭахуп, избанзар ахкы ақәӡаара – хьаҳәра зқәым процессуп. Ҳара ҳзы ари даара хра алоуп, избанзар миллион шықәса раахыс ишьақәгылоз аорганизмқәа ахьыҟоу атәылақәа рдунеитә реитинг аҟны Аԥсны аԥхьатәи ацәаҳәақәа руак ааннакылоит, убрахь иаҵанакуеит иҵаулоу аҳаԥқәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа раан иигаз аиааира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи Урыстәыла ауаажәлар рыхдырра аҩаӡара ҳаракы, адемократиатә принципқәа риааира  адунеи ҩаԥхьа иазырбаз  аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы Шәара аԥыжәара ду шәыманы ижәгаз аиааира шәыдысныҳәаларц сҭахуп.    

Шәара ижәгаз аиааира – ари Урыстәыла мацара аиааира акәӡам, ари иҿыцу, ииашоу  адунеиеиҿкаара ашьақәыргылараҿы Шәара шәылшамҭақәа жәларбжьаратәи разхаҵара зырҵабыргуа адунеитә уаажәларра риааира ауп. Агәра згоит, Шәара шәнапхгарала Урыстәыла аҿаԥхьа иқәыргылоу ахықәкқәа рынагӡара ишацҵахо, иҷыдоу арратә операциаҿы аиааира агарагьы уахь иналаҵаны.  

Аԥсны жәлар еицҿакны Шәара шәкандидатура адгылара арҭеит, уи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара иаҳзеиԥшу аҭоурыхтә, адоуҳатә, акультуратә малқәа рыла ишьаҭарку ԥгара зқәым аиҩызаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа шьақәнарӷәӷәоит.    

 Владимир Владимир-иԥа! Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Урыстәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит ахирра, анасыԥ, аизҳазыӷьара, аҭынчра, аманшәалара».

Ашаеҵәа иадыркылоз

Хәажәкыр 19, 2024

Абаҩхатәра злаз иналукааша аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Абри арыцхә иазкны уи данииз амш – март 13 рзы аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥыргеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекеи.
Ахәылԥаз ахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультуреи, аҟазареи, аҵареи русзуҩцәа, зиубилеи азгәарҭоз иҭынхацәа, иара убас астудентцәа, ашколхәыҷқәа, апоет ирҿиамҭақәа бзиа избо аӡәырҩы.

Жәларык рцынҵәарах

Хәажәкыр 19, 2024

«...Избан, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изакәызаалак иҳахәаша акы ҟамҵаӡакәа аамҭа баша изцо. Имаҷума иахьа аԥсуа ҿар ҳҿаԥхьа ишьҭоу аусқәа, ҳара ҳамч зықәхаша, инаҳагӡаша. Иахьа адемократиатә аамҭа аан ҳара иҳалшароуп аиаша аҳәара ацәымшәара, ҳмилаҭ зегьынџьара аиаша рдыруазароуп. Иахьа изызҳауа аҿар уаҵәтәи Аԥсадгьыл аԥеиԥш лаша роуп. Дарбанзаалак аԥсуа, апатриот цәанырра злоу, аԥсуа милаҭ рхьаа иаргьы ихьаазароуп. Иазхазааит ҽырба патриотра, аишәа аҿы ажәа ԥшӡақәа рҳәара. Иаамҭоуп хдыррала апрактика ҟазшьа змоу апатриотизм ахь аиасра».
Сергеи Ҳамыҭ,
(Агазеҭ «Аԥснытәи ауниверситет»,
1988 ш. цәыббра 23),

Март 17 азы имшира азгәеиҭеит аҵарауаҩ-алингвист, аполитикатә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Г.Ӡиӡариа ихьы зху апремиа алоуриат, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа асатәи рминистр, Аԥсны Ахада иҟны иҟоу астатегиатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы Виачеслав Чрыгба.

68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.

Заур Иван-иԥа Шьалашьаа диит 1957 ш. февраль 28 азы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. 1974 шықәсазы далгеит Ҷлоутәи абжьаратә школ. Уи даналга аҵара иҵон Аҟәатәи аиндустриатә техникум аҟны.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me