Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааира идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа раан иигаз аиааира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи Урыстәыла ауаажәлар рыхдырра аҩаӡара ҳаракы, адемократиатә принципқәа риааира  адунеи ҩаԥхьа иазырбаз  аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы Шәара аԥыжәара ду шәыманы ижәгаз аиааира шәыдысныҳәаларц сҭахуп.    

Шәара ижәгаз аиааира – ари Урыстәыла мацара аиааира акәӡам, ари иҿыцу, ииашоу  адунеиеиҿкаара ашьақәыргылараҿы Шәара шәылшамҭақәа жәларбжьаратәи разхаҵара зырҵабыргуа адунеитә уаажәларра риааира ауп. Агәра згоит, Шәара шәнапхгарала Урыстәыла аҿаԥхьа иқәыргылоу ахықәкқәа рынагӡара ишацҵахо, иҷыдоу арратә операциаҿы аиааира агарагьы уахь иналаҵаны.  

Аԥсны жәлар еицҿакны Шәара шәкандидатура адгылара арҭеит, уи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара иаҳзеиԥшу аҭоурыхтә, адоуҳатә, акультуратә малқәа рыла ишьаҭарку ԥгара зқәым аиҩызаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа шьақәнарӷәӷәоит.    

 Владимир Владимир-иԥа! Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Урыстәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит ахирра, анасыԥ, аизҳазыӷьара, аҭынчра, аманшәалара».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me